Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аԥсны Ахада, Арбџьар Мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа АА АШӘА ААР ирыҵаркуа аҟәшақәа дырҭааит

02.02.2021
Аԥсны Ахада, Арбџьар Мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа АА АШӘА ААР ирыҵаркуа аҟәшақәа дырҭааит
Аԥсны Ахада, Арбџьар Мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа АА АШӘА ААР ирыҵаркуа аҟәшақәа дырҭааит .
Аҳәынҭқарра Ахада дырԥылеит АА АШӘА 9-тәи аҟәша хаҭалатәи аилазаара.

Аслан Бжьаниа ибеит аҟәша аибашьцәа рмаҵзура амҩаԥгаразы ирымоу аҭагылазаашьақәа. Ахада ирылеиҳәеит амчратә еилазаарақәа руалафахәқәа 2021 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны ишышьҭыху, ианеиҵам 70 % рҟынӡа.

Иазгәаҭатәуп, руалафахәы 2008 шықәса раахыс ишышьҭыхмыз. Аулафахәқәа ирыцҵаны рыҭара иалагоит  ҳазҭоу ашықәс ааԥын инаркны.
Ахада аилацәажәара мҩаԥигеит аҟәша адҵаҟаҵаҩ далархәны. Аибашьцәа Ахада идырбеит арбџьар, иара убас рнапала иҟарҵаз аспорттә зал.
Анаҩс Ахада даҭааит АА АШӘА Ҷыдалатәи анапынҵанагӡара зду ацентр.

Аслан Бжьаниа дазҵааит аибашьратә ҽазыҟаҵарақәа ирызкны имҩаԥысуа аусмҩаԥгатәқәа, абаза техникала аиқәыршәара, амаҵзура амҩаԥгаразы лшарақәас ирымоу, дахәаԥшит иҟоу абџьари атехникеи рқәырԥшқәа.

  Ацентр аиҳабы Џьон Аҭәмаа Ахада адырра ииҭеит ҳазҭагылоу аамҭазы Ацентр аусуразы.

Ахада иара убас даҭааит АА Адәныҟатәи аусқәа рминистра Лассы аҭак аҟаҵаразы иҷыдоу аотриад.

Аслан Бжьаниа АА Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, АШӘА ахантәаҩы аамҭала ин.н. Роберт  Киут, Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, Лассы аҭак аҟаҵаразы иҷыдоу аотриад аполковникеиҵбы Рашь Ҵәыџьба алархәны аоперативтә еилацәажәара мҩаԥигеит.  

Аҳәынҭқарра Ахада ицын  АШӘА ахантәаҩы аамҭала ин.н. Роберт Киут, Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа.

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org