Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада аҭҵаарадырратәи арҿиаратәи интеллигенциа рхаҭарнакцәа дырԥылеит

29.01.2021
Ахада   аҭҵаарадырратәи арҿиаратәи интеллигенциа рхаҭарнакцәа дырԥылеит
  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада  Аслан Бжьаниа аҭҵаарадырратәи арҿиаратәи интеллигенциа рхаҭарнакцәа дырԥылеит.

Аиԥылараҟны ирылацәажәан ажәлар ргәы иҵхо,  актуалра зҵоу еиуеиԥшым азҵаарақәа.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу аизарақәа рымҩаԥгара аҵак ду шамоу аҳәынҭқарреи ауаажәларреи рыбжьара хаҳара злоу аиҿцәажәара ашьақәыргыларазы. Иааркьаҿны ирзеиҭеиҳәеит атәылаҿы  аҭагылазаашьа зеиԥшроу, иара убас ҳазҭагылоу аамҭа алҵшьас иҟоу.

Зҵаара хаданы ишьҭыхын аҳәынҭқарратә идеологиеи «амилаҭтә идеиеи». «Еилыскаауеит, ҩажәак-хажәак рыла ушзаламцәажәо ари.  Ҳтәыла амилаҭтә идеиа шьаҭас иамоуп ихьыԥшым ҳҳәынҭқарра арӷәӷәареи ҳетноси ҳкультуреи реиқәырхара.  Ҳазлацәажәо амилаҭтә идеиа азҵааразы агәаанагарақәа шәымазар, мамзаргьы уи арӷәӷәара иаҭаху аусмҩаԥгатәқәа , урҭ рзыӡырҩра сазхиоуп»,-ҳәа азгәеиҭеит Ахада.

Аслан Бжьаниа иара убас аҳәара ҟаиҵеит аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа рахь ҳазҭагылоу аамҭазы ҳтәылаҿы имҩаԥысуа ахҭысқәеи актуалра зҵоу атемақәеи рганахь ала ргәаанагара рҳәарц. «Ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа лассы-лассы имҩаԥаҳгалоит, ҳахшыҩ еилаҵаны ҳтәылаҿы иҟоу ауадаҩрақәа реицыӡбаразы», - иҳәеит Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҭҵаара-рҿиаратә интеллигенциа  ҳазҭагылоу имариам аамҭазы рҵакы шдуу.

Еицырдыруа акультура, аҭҵаарадырра, аҟазара аусзуҩцәа аҳәынҭқарра Ахада иахь еиуеиԥшым ажәалагалақәеи аҳәарақәеи ҟарҵеит.
Ҷыдала, иззааҭгылаз азҵаарақәа иреиуоуп аҵаратә процесс ахацыркра, акультуратә усбарҭақәа раартра.

Ахада агәыӷра риҭеит иҟаҵаз ажәалагалақәа ҳасаб рзуны, излацәажәаз азҵаарақәа рыӡбара дшацхраауазы.

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org