12.01.2021
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны Аҳәынҭқарра ауааҧсыра коронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку ауснагӡатәқәа рзы Адҵа инапы аҵаиҩит.
Аҧсны Аҳәынҭқарра ауааҧсыра коронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку Акоординациатә штаб 2021 шықәса ажьырныҳәамза 11 аҟнытә азыӡба шьаҭас иҟаҵаны, аԥкратә уснагӡатәқәа ирыцҵахоит 2021 шықәса жәабранмза 10 рҟынӡа.