Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аҧсны афымцамч аусхк аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

22.12.2020
 Ахада Аҧсны афымцамч аусхк аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа  рыдиныҳәалеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны афымцамч аусхк аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа  рыдиныҳәалеит:

“ Ҳаҭыр зқәу Аҧсны афымцамч аусхк аусзуҩцәа!

Ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа. Шәара шәыпрофессионализми,  ҳажәлар рзы шәусура ҵакыс иамоуи еилкааны иаашәырҧшуа ахамеигӡареи ирыбзоураны ҳтәыла економикаҟны акырӡа зҵазкуа аусхк  аиқәырхара  алыршахеит.

Ҳазҭагылоу аамҭазы акыр иуадаҩуп шәџьабаа ахә ашьара. Аԥсшьарамшқәа  рызгьы тәамҩахә шәымамкәа, уахи-ҽни хацәнмырха иалшогьы иалымшогьы аҟаҵара шәаҿуп  ҳтәылауаа рыҩнаҭақәа рҿы алашареи аԥхарреи ыҟазарц азы. Даара идуӡӡаны ҭабуп ҳәа шәасҳәоит убри азы.

Шәзанааҭтә ныҳәа амш аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, ақәҿиарақәа! Ишәыгымзааит шәҭаацәеи шәареи аҭынчреи аизҳазыҕьареи”.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org