Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аслан Бжьаниа Платон Бебиа ииубилеи идиныҳәалеит

05.10.2020

    Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ииубилеи идиныҳәалеит иахьа 85 шықәса зхыҵыз иналукааша аҧсуа шәҟәыҩҩы Платон Бебиа.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

  “Ҳаҭыр зқәу Платон Хәамҧа-иҧа!

Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит 85 шықәса шәхыҵра! Шәара шәыруаӡәкуп зырҿиарала аҧсуа литература аҩаӡара шьҭызхыз аҧсуа шәҟәыҩҩцәа. Шәара ишәымоуп иҷыдоу шәхатә ажәа, уи ҵаулоуп, иҵаруп, акы иалаҩашьом шәсатира. Шәкалам иҵыҵыз ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа еиҭагоуп бызшәа рацәала, урҭ иӡырыргоит ҳаҧсадгьыл, ҳажәлар рҭоурых, рыбзазара. Шәырҿиараҿы иҷыдоу аҭыҧ ааннакылоит ахәыҷтәы литература. Аҧхьаҩцәа ахә ҳаракны иршьоит аҧсышәала ишәырцәажәаз адунеитә классикцәа раҧҵамҭақәа.

Шәџьабаа рыдуп ажурналқәа “Амцабз”, “Алашара”, иара убас акыр шықәса напхгара зышәҭоз Аҳәынҭқарратә шәыҟәҭыжьырҭа. Аҧсуа литератураҿы шәлагалазы ишәанашьоуп Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа, “Ахьӡ-Аҧша” аорден ахҧатәи аҩаӡара.

Акыр иаҧсоу Платон Хәымҧа-иҧа, шәиубилеи аҽны ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, ашықәс рацәа, шәырҿиараҿы аихьӡара ҿыцқәа.

Ҳаҭырла,
Аслан Бжьаниа,
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада”.

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org