Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа дцеит Урыстәыла Ахада иааҧхьарала

22.06.2020

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа дцеит Аҧсны Ахада Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин иааҧхьарала, Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵра инамаданы имҩаҧысраны иҟоу апарад иҽалаирхәразы.  

Аслан Бжьаниа иаҧшьгарала Аҧсны Аҳәынҭқарра аофициалтә делегациа иалоуп Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутат Лаша Ашәбеи ахадарахьы ҧасатәи акандидат Адгәыр Арӡынба.

Аҧсны Ахада Москва иҟазаараан Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара ахаҭарнакцәа дырҧылараны дыҟоуп.  

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org