Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Жәларбжьаратәи Ахәыҷқәа рыхьчара амш инамаданы ааҧхьара ҟаиҵеит

01.06.2020

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  атәылауаа рышҟа ааҧхьара ҟаиҵеит Жәларбжьаратәи Ахәыҷқәа рыхьчара амш инамаданы.


Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи Ахәыҷқәа рыхьчара амш!  

Ахәыҷқәа – ҳара малс иҳамоу, ҧеиҧш лашаны ҳазхәаҧшуа роуп. Жәларбжьаратәи Ахәыҷқәа рыхьчара амш есшықәса адунеи аҟны  50 тәыла инареиҳаны иазгәарҭоит. Ари аныҳәа аҧҵоуп адунеитә уаажәларра ахәыҷқәа аибашьра ишацәыхьчатәу, урҭ рыхӡыӡаара шаҭаху ргәаларшәаразы.  

Иарбан ҳәынҭқарразаалак аҟны изызҳауа абиҧарақәа рхылаҧшра, реиҷаҳара – аҧсҭазааратә ҵакы змоу стратегиатә уснагӡатәны иҟоуп. Ари азҵаара қәҿиарала аӡбара амилаҭ рҧеиҧши рлеишәеи шьагәыҭс иаиуеит. Ҳара аҭагылазаашьа ҿыцқәа раҧҵара ҳалагоит зхаҭабзиара ҳараку аҵараиуразы, ахәыҷқәа ргәабзиареи ршәарҭадареи рыхьчаразы, аспорт ралархәразы, дасу ирҿиаратә гәазыҳәарақәа рынагӡаразы.
  
Гәык-ҧсыкала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп анацәа, андуцәа, арҵаҩцәа, амедицинатә, асоциалтә усзуҩцәа, уҳәа ахәыҷқәа аус рыдулара зыҧсҭазаара азызкыз зегьы. Иҭабуп есҽнытәи хамеигӡарадатәи шәџьазы, ирышәҭо абзиабаразы, гәацҧыҳәарала ирыдышәҵо шәџьабаазы.
Дарбан хәыҷызаалак идыруазааит дшыхьчоу, дшырҭаху, бзиа дшырбо, насыҧ шимоу.  

                                              
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада                                               Аслан Бжьаниа  

01.06.2020
Аҟәа ақ.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org