Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ин.н. дидикылеит

30.04.2020

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ин.н., амилициа аинрал маиор Рауль Смыр дидикылеит.

Аиҧылараан аҳәынҭқарра Ахада Рауль Смыри Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра хаҭалатәи аилазаара зегьи ахада иалхрақәа разыҟаҵареи рымҩаҧгареи раан ауаажәларратә шәарҭадара алыршара иазкыз аусуразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Ахада ҷыдала иазгәеиҭеит аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рыҟәшақәа русура атәы Аҷыдалкаатәи ҭагылазаашьақәа ррежим аус анауаз ауааҧсыра рыхьчараан аҧкратә уснагӡатәқәа рынагӡараҟны. Аслан Бжьаниа иара убас иазгәеиҭеит аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа раан хаҭала  аҧсуа милициа ашьақәгылараҟны Рауль Смыр илагаламҭа.

Аслан Бжьаниа Рауль Смыр изеиҕьеишьеит аихьӡарақәа, анасыҧ.  

Рауль Смыр аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит аиҧыларазы, изеиҕьеишьеит аихьӡарақәа аҭакҧхықәра зцу аҳәынҭқарратә маҵзураҟны.  

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org