Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Гал араион актив иаҧылара иазку АИХ рзы ацҳамҭа.

12.03.2015

Хәажәкыра 12, 2015 шықәса, Гал. Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Гал араион актив даҧылеит. Аиҧылара иалахәын иара убас Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, гал араион аҟнытә Жәлар Реизара адепутатцәа Бежан Убириеи Ахра Кәакәасқьыри, Араионтә Еизара ахантәаҩы Иури Кәакәасқьыр, гал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Темур Надараиа, араион ауаажәларра.

Рауль Ҳаџьымба иқәгылараҿы иазгәеиҭеит Гал араион аҿы ишьақәгылаз аҭоурыхтәи аполитикатәи ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны есқьынгьы иара ахатә ҷыдарақәа шамаз. Уи Аҧсны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рганахьала ҷыдалатәи азнеишьақәагьы аҭахуп.

Ахада инаҵшьны иҳәеит Гал араион Аҧсны азеиҧшполитикатәи асоциалтә-економикатә процессқәа ралахәра апроблема атәыла анапхгара ауснагӡатә хадақәа ишыруаку. Иазгәеиҭеит арегион аҟны ашәарҭадара аҩаӡара ашьҭыхра, акриминогентә ҭагылазаашьа аҭышәныртәалара, атрансҳәааҟны ацәгьоура аҿагылара араион ауааҧсыра рҭынч ҧсҭазааразы алшарақәа шаҧнаҵо.

«Гал араион аҟны ахада ҿыц дықәыргылоуп, уи аҭыҧантәи аиҳабыреи ауааҧсыреи рыбжьара аизыҟазаашьа ҿыцқәа рышьақәыргылара дацхрааит. Ҳара араион анапхгара ганрацәалатәи ацхыраара аҳҭоит иақәнагоу азинтәи асоциалә-економикатәи ҭагылаӡаашьақәа раҧҵараҿы», - иҳәеит Раули Ҳаџьымба. Уи иара убас далацәажәеит Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳәаа арҕәҕәареи ахьчареи рзы ауснагӡатәқәа ртема.

«Иахьагьы қәнагала иӡабаӡам Аҧсны аҳәынҭқарратә ҳәаа. Ҳәарада, урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа ирыбзоураны аҭагылазаашьа акырӡа иеиҕьуп, ҳгәыҕуеит аидгыларатәи астратегиатә усеицуразы Аиқәшаҳаҭра аҧҟарақәа рынагӡарала ари апроблема аӡбара алыршахоит ҳәа. Ари иалнаршоит азакәан еилаганы аҳәаа ахысреи аконтрабандеи аанкылара. Аха уи иаанагаӡом азакәан еилазымго ауааҧсыра аҳәаа ахысра рылшаӡом ҳәа. Ҳара ишьақәыргылоу аужьра апунктқәа рыҟны қәнагала аҳәаа ахысразы аҭагылазаашьа аҧаҳҵоит», - иҳәеит Ахада.

Араион аекономикатә ҭагылазаашьа атема шьҭыхны Ахада иҳәеит араион иамоу аекономикатә лшарақәа шмаҷым, иҳәеит Гал араион Аҧсны аекономикатә еизыҟазаашьақәа рсистема ишалагалатәу. «Иҟазароуп иииашоу ахәтәи ашәахтәи политика. Араион аекономика ашәшьыра иҵыхтәуп. Гал араион ақыҭанхамҩа аҿиаразы алшара бзиақәа амоуп. Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭатәуп араион азы итрадициатәу акультурақәа: араса, ацитрусқәа, ачаи»,- иҳәеит иара. Ахада ҷыдала иазгәеиҭеит ашәахтәқәа реизагаразы, лымкаала, адгьылтә шәахтә аизагарала Гал араион Аҧсны егьырҭ араионқәа ишраҧысуа.

Рауль Ҳаџьымба иҳәеит Инвестпрограмма инақәыршәаны ишазгәаҭоу араион аинфраструктура аиҭашьақәыргылара, лымкаала, араион аладатәи аҩадатәи ахәҭақәа еимаздо амҩа аҟаҵара.

Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭан аҧсуа тәылауаҩра змам араион ауааҧсыра рзинтә ҭагылазаашьа азҵаара. «Ҳара аҭыҧантәи ауаа рзинқәа реиламгара алзыршо азакәанапроект азырхиара ҳаҿуп. Ҳара мчыла ҳтәылауаҩра аӡәгьы идаҳгалар ҳҭахӡам, хықәкыла азакәан аҧҟарақәа ҳрықәныҟәалоит. Галаа дара ирҭаху атәылауаҩра алхразы аҭагылазаашьа рымоуп, иақәнагоу аусмҩаҧгатәқәа инрықәныҟәаны. Убри аан, иеиҭасҳәоит, галаа рзин еилагара аӡәгьы дақәиҭӡам»,- иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Араион ауааҧсыра азҵаауан асоциалтә лшарақәа, ауалафахәы, атәанчахәы ашьҭыхра, аҵараиура азҵаарақәа. Урҭ рызҵаарақәа рҭак ҟаҵо, Ахада иҳәеит ахатәы бызшәала аҵара аӡәгьы мап шацәимкуа, аха ашколқәа рыҟны аҵара зларҵо ашәҟәқәа ҳҳәынҭқарра аҟазаара иаҿагылозар, амилаҭбжьаратә еиҿагыларақәа рцәырҵра иацхраауазар, уи ҳара иалаҳмыршароуп. «Аҵараиура аминистырра Аҧсны иахьаҵанакуа аус зуа аҵараиуратә программа Гал араион аҟны аларҵәаразы адҵа аҭоуп», - иҳәеит иара.

Аиҧылараҿы ишьҭыхын Москва-Аҟәа-Қарҭ ахырхарҭала аихамҩа аиҭашьақәыргылара азҵаара. Араион ауааҧсыра рызҵаарақәа рҭак ҟаҵо, Рауль Ҳаџьымба иҳәеит Аҧсны ари апроект аҽалархәра ишазыхиоу, аха уи зинеиҟарала аҭагылазаашьа анаҧҵаха. 


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org