Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ин. н. инапы аҵаиҩит Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны аҧкратә уснагӡатәқәа ирыцҵаны ралагалареи административтә ҭакҧхықәра ашьақәыргылареи рзы Адекрет

10.04.2020

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада  инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба инапы аҵаиҩит Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны аҧкратә уснагӡатәқәа ирыцҵаны ралагалареи административтә ҭакҧхықәра ашьақәыргылареи рзы Адекрет.  

Адокумент атекст аҟны иҳәоуп:

«Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ 62 инақәыршәаны, атәылауаа рыҧсҭазаареи ргәабзиареи рыхьчара, Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны  коронавирустә ҿкы COVID-19 алаҵәара аҧырҟәҟәаара хықәкыс иҟаҵаны:

1. Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны иалагалазааит 2020 шықәса мшаҧымза 11, 00 сааҭи 00 минуҭи инадыркны амҩақәа, аҧшаҳәаҟны, ашҭақәа, апаркқәа ма егьырҭ ауаажәларратә ҭыҧқәа рыҟны рыҟазаара уақәиҭызымтәуа аҧкратә уснагӡатәқәа ирыцҵаны аҷыдалкаатә ҭагылазаашьа арежим нҵәаанӡа.
  
2. Абри Адекрет апункт 1 ала ишьақәыргылоу аҧкратә уснагӡатәқәа аҵанакӡом:

1) зыда ҧсыхәа ыҟам амедицинатә цхырааразы адҵааларақәеи аҧсҭазаареи агәабзиареи ашәарҭара ианҭагылоу аҭагылазаашьақәа;

2) Аҧсны Ахада ин.н. 2020 шықәса хәажәкырамза 27 аҟн. Идҵа № 132-рп иалнаршо аусурҭа ҭыҧқәа рахьтә (рыҟнытә) ацара;

3) Аҧсны Ахада ин.н. 2020 шықәса хәажәкырамза 27 аҟн. Идҵа № 132-рп зынагӡара алнаршо   автотранспорттә хархәагала аныҟәара (ҩыџьа иреиҳамкәа), атауар аахәаразы, аусурахь, амаҵзурақәа рзы ацара;

4) зымчмхо, зымчлшара ҧку ахаҿқәа, иааҧмырҟьаӡакәа ахылаҧшра зҭаху, аныҟәгара зҭаху ахаҿқәа рхылаҧшра;

5) 60 шықәса иреиҳау ахаҿқәа, иара убас ачымазара змоу ахаҿқәа афатә аалыҵи зыда ҧсыхәа ыҟам атауари рызнагара;

6) хаҭала ауаажәларратә ҭыҧқәа рыҟны аҟазаара; нхарҭа ҩнык аҟны еицынхо ауаажәларратә ҭыҧқәа рыҟны реицҟазаара; ҩыџьа ауааҧсыра ауаажәларратә ҭыҧ аҟны реицҟазаара, руаӡәык егьи зхала аиҭаҵра злымшо ацхыраара анииҭо;

7) ақыҭанхамҩатә усурақәа рынагӡара иазку аҭыҧ ахь (аҭыҧ аҟнытә)  ацара;

8) ацрыҵқәа ааигәа иҟоу аҭыҧ ахь рдәылгара;

9) змаҵуратә напынҵақәа рынагӡара иаҿу амчратәи азинхьчаратәи усбарҭақәа рхаҭарнакцәа;

10) агәабзиарахьчареи асоциалтә усхкқәеи русҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа;

11) амашәыр-еиқәырхаратә, амцарцәаратәи коммуналтәи маҵзурақәа русуҩцәа;

12) абанктә инфраструктура аобиектқәа русура алзыршо ахаҿқәа;

13) аҳәынҭқарратә мчхара аусбарҭақәа русура алзыршо аусуҩцәа;

14) аҷыдалкаатә ҭагылазаашьа аҩныҵҟа атәылауаа ацхыраара рызҭо аволонтиорцәа;
  
15) Аҧсны Ахада ин.н. 2020 шықәса хәажәкырамза 27 аҟн. Идҵа № 132-рп инақәыршәаны зусура аанкылам анаплакра аобиектқәа.                                


3. Аҧсахрақәа алагалазааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла 1994 ш. мшаҧымза 15 аҟн., ахы 5 ахәҭаҷ 431 ихарҭәааны  абри аҵакы ала:

1.«Ахәҭаҷ 431 Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны коронавирустә ҿкы COVID-19 алаҵәара аҧырҟәҟәаара хықәкыс иҟаҵаны иалагалоу аҷыдалкаатә ҭагылазаашьа аилагара  
Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны коронавирустә ҿкы COVID-19 алаҵәара аҧырҟәҟәаара иазку Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иактқәа рыла иазҧхьагәаҭоу аҧкратә уснагӡатәқәа атәылауаа рганахьала реилагара, -

иахылҿиаауеит агәҽанҵара аҭара.

2. Атәылауаа рганахьала Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны коронавирустә ҿкы COVID-19 алаҵәара аҧырҟәҟәаара иазку Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иактқәа рыла иазҧхьагәаҭоу аҧкратә уснагӡатәқәа атәылауаа рганахьала еиҭа аилагара, -

иахылҿиаауеит  х-нызқь мааҭ ираҟараны ахараҧса рықәҵара.

3.  Атәылауаа рганахьала Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иактқәа рыла иазҧхьагәаҭоу ахыҧхьакра арежим еиҭеилагара -

иахылҿиаауеит  хә-нызқь мааҭ ираҟараны ахараҧса рықәҵара.  

4. Атәылауаа, коронавирустә ҿкы COVID-19 чымазара агәҩаразы ахылаҧшра змоу рганахьала ахыҧхьакра арежим аилагара – иахылҿиаауеит
жәанызқь мааҭ ираҟараны ахараҧса рықәҵара.

5. Атәылауаа, коронавирустә ҿкы COVID-19 чымазара змоу мамзаргьы иныҟәызго ҳәа иазхаҵоу рганахьала ахыҧхьакра арежим аилагара – иахылҿиаауеит ҩажәа нызқь мааҭ ираҟараны ахараҧса рықәҵара.

6. Аамҭала Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны акультуратә,  абаҩрҵәыратә, аспорттә, арлахҿыҿратә, алалабаратә, ацәыргақәҵатә ма даҽа усмҩаҧгатәқәак рымҩаҧгара, иара убас ахәаахәҭреи амаҵзура аусхкқәеи, ауаажәларратә транспорт аусура арежими  Аҧсны Аҳәынҭқарра анормативтә зинтә актқәа инарықәыршәаны  раанкыларазы адҵа анамыгӡара, - иахылҿиаауеит атәылауаа ахараҧса рыдҵара хә-нызқь мааҭ ираҟараны; амаҵзуратә хаҿқәа – жәохә нызқь мааҭ; аиуристтә хаҿқәеи хаҭалатәи анаплакҩцәеи – ҩажәа нызқь мааҭ ираҟараны.

7. Амассатә информациа ахархәагақәа, иара убас аинформациа-телекоммуникациатә каҭақәа рыҟны атәылауаа рыҧсҭазаареи ршәарҭадареи мамзаргьы ауааҧсыреи адгьылҵакыреи ршәарҭадара алыршаразы имҩаҧысуа ауснагӡатәқәеи, иарбоу аҭагылазаашьақәа рцәыхьчара иазку аусмҩаҧгатәқәеи рзы ашәарҭара зцу аҭагылазаашьазы иҵабыргу адырраҭара аҳасабала аларҵәара, - иахылҿиаауеит атәылауаа ахараҧса рыдҵара ҩынҩажәижәаба нызқь мааҭ ираҟараны».

4.   Аҧсахрақәа алагалазааит административтә зинеилагарақәа ирызку аусқәа рзы аӡбареиҿкааразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла № 3789-с-V  2015 ш. лаҵарамза 15 аҟн.:

1)   ахәҭаҷ 30 ахәҭа 2 харҭәаазааит аҩбатәи абзац ала абри аҵакы аҭаны:

«Араионтәи (ақалақьтә) ӡбарҭақәа рыӡбаҩцәа иара убас иахәаҧшуеит  Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 431 ахәҭа 7 иазҧхьагәанаҭо административтә зинеилагарақәа рзы аусқәа.»;

2)  ахәҭаҷ 34 харҭәаазааит аҩбатәи абзац ала абри аҵакы аҭаны:  

«Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа иара убас иахәаҧшуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 431 ахәҭақәа 1-6 иазҧхьагәарҭо административтә зинеилагарақәа рзы аусқәа.»;

3)  ахәҭаҷ 37 харҭәаазааит аҩбатәи абзац ала абри аҵакы аҭаны:  

«Аҳәынҭқарратә санитартә хылаҧшра аусбарҭақәа рмаҵзуратә хаҿқәа ахәаҧшуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 431 ахәҭа 6 иазҧхьагәарҭо административтә зинеилагарақәа рзы аусқәа, ахәаахәҭра аобиектқәеи амаҵзурақәа русхки русура ахәҭаҟны.»;

4) ахәҭаҷ 57 харҭәаазааит аҩбатәи абзац ала абри аҵакы аҭаны:  
  
«Ахәаахәҭра усхк аҟны ахылаҧшреи агәаҭареи ҟазҵо аусбарҭақәа рмаҵзуратә хаҿқәа ахәаҧшуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 431 ахәҭа 6 иазҧхьагәарҭо административтә зинеилагарақәа рзы аусқәа, ахәаахәҭра аобиектқәеи амаҵзурақәа русхки русура ахәҭаҟны.»;  

5) Ахәҭаҷ 118  ахәҭа 1  харҭәаазааит аҩбатәи абзац ала абри аҵакы аҭаны:    

«Апрокурор иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 431 ахәҭа 7 иазҧхьагәанаҭо административтә зинеилагарақәа рзы аусқәа хациркуеит.»;

5. Иаарласны Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адырра аҭазааит абри Адекрет азы.  

6. Абри Адекрет амч аиуеит ианкьыҧхьха аҽны инаркны, аус агьауеит аҷыдалкаатә ҭагылазаашьа нҵәаанӡа».



        
            


Возврат к списку