Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Валентина Матвиенко лымшира лыдныҳәалара

07.04.2020

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко лымшира лыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иҧҳа!
Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәымшира. Шәара шәыпрофессионализм, еицакра змам шәгәамч, иаашәырҧшуа агәҭакынагӡара, аҧыза иҟазшьақәа, аиҿкааратә ҟыбаҩ ахьӡи аҳаҭыри шәрыҧсаны шәҟарҵеит. Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы имаҵура ҳаракы аҟны Шәара астратегиатә хықәкқәеи Урыстәыла аҿиара иазку аҳасабтәқәеи ирызку аусура ду мҩаҧыжәгоит.

Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу ганрацәалатәи аимадарақәа рыҿиараҟны Шәара шәлагаламҭа.  
Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иҧҳа, абри амш шьахә аҽны ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, анасыҧ, аихьӡарақәа аҳәынҭқарратә маҵураҟны.

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org