Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо инапы аҵаиҩит аҷыдалкаатә ҭагылазаашьа алагалара инамаданы анаплакра асубиектқәа адгылара рыҭара иазку ауснагӡатәқәа рзы Адекрет

02.04.2020

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада  инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аҷыдалкаатә ҭагылазаашьа алагалара инамаданы инапы аҵаиҩит анаплакра асубиектқәа адгылара рыҭара иазку ауснагӡатәқәа рзы Адекрет. 

Адокумент аҟны иҳәоуп:

«Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ 62 инақәыршәаны, аҷыдалкаатә ҭагылазаашьа ыҟанаҵы анаплакра асубиектқәа, анаплакра маҷқәеи абжьаратәқәеи рсубиектқәа адгылара рыҭара, коронавирустә ҿкы COVID-19 алаҵәара иахҟьаны иҵоурам економикатә хҟьа-ҧҟьақәа реиҵатәра хықәкыс иҟаҵаны:

1. Хазы игоу аусура хкқәа рзы иҷыдоу ашәахтә ашәаҩцәеи ашәахтәқәқәҵара апатенттә система ашәахтәшәаҩцәеи иарбоу ашәахтәқәа ршәараҟнытә рхақәиҭтәразы алшара рыҭазааит 2020 шықәса мшаҧымза 1 инаркны 2020 шықәса лаҵарамза 31-нӡа.

2. Аҧсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аҳазатә шәатәқәа (ахазатә баџ, изыцҵоу ахәҧсазы ашәахтә) ршәаразы ахырҧара алыршаразы аҿҳәара иацнаҵааит 2020 шықәса лаҵарамза 1 аҟынӡа иалыршоу ахырҧаразы апроцентқәа рхыхрада 2020 шықәса мшаҧымза 1 инаркны 2020 шықәса лаҵарамза 1-нӡа.

3. Закәанла ишьақәыргылоу аиҿкаарақәа, хаҭалатәи анаплакҩцәа, абиуџьеттәқәа аламҵакәа, раҳасабеилыргаратә, ршәахтәтә, рыстатистикатә ҳасабырба алаҵара аҿҳәара ииагазааит 2020 шықәса мшаҧымза 15 аҟнытә Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аҷыдалкаатә ҭагылазаашьа анаанкылаха инаркны актәи аусура мшы ахь.

4. Абри Адекрет анагӡара ахылаҧшра анапы ианҵазааит Ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра аминистрреи Аҧсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилаки.

5. Иаарласны Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адырра аҭазааит абри Адекрет азы.   

6. Абри Адекрет амч аиуеит ианкьыҧхьха аҽны инаркны».

   

 


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org