Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо инапы аҵаиҩит аспорттә, акультура-массатә усмҩаҧгатәқәеи аҳәаанырцәтәи аустәныҟәарақәеи аамҭала раанкылара иазку Адҵа

12.03.2020

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба инапы аҵаиҩит аспорттә, акультура-массатә усмҩаҧгатәқәеи аҳәаанырцәтәи аустәныҟәарақәеи аамҭала раанкылара иазку Адҵа.
  
  
Адокумент аҟны иҳәоуп:

«Аҧсны Аҳәынҭқарра ауааҧсыра 2019-nCoV иахҟьаз коронавирустә инфекциа, алалареи аларҵәареи рацәыхьчара хықәкыс иҟаҵаны:  

1.    2020 шықәса мшаҧымза 7 ҿҳәарас иаҭаны:

1) аҳәынҭқарратә напхгараҭаразы ихадоуи аҭыҧантәии аусбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи аиҿкаарақәеи иааныркылааит аспорттәи акультура-массатә усмҩаҧгатәқәа, иара убас иазгәаҭоу аусбарҭақәа, аусҳәарҭақәа, аиҿкаарақәа русзуҩцәа аҳәаанырцәтәи аустәныҟәарақәа рышҟа рдәықәҵара;
  
2) Аҧсны Аҳәынҭқарра Афинансқәа рминистрра абри апункт апунктеиҵа 1 аҟны иарбоу аусмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгареи аусбарҭақәа, аусҳәарҭақәа, аиҿкаарақәа русзуҩцәа аҳәаанырцәтәи аустәныҟәарақәа рышҟа рдәықәҵара ирыдҳәалоу ахарџьқәа рзы аҧаразоужьра ааннакылааит;

2. Абри Адҵа анагӡара ахылаҧшра анапы ианҵазааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Афинансқәа рминистрра, Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҵара аминистрра, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿари аспорти русқәа рзы аилак, Аҧсны Аҳәынҭқарра ақалақьқәеи араионқәеи радминистрациақәа рхадацәа».



    


Возврат к списку