08.03.2020
Хәажәкырамза 8 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Аҧсны Аҳәынҭқарра иқәынхо аҳәса Жәларбжьаратәи аҳәса рымш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Акыр иаҧсоу анацәа, андуцәа, ҳаҳәшьцәа, ҳҩызцәа!
Ишәыдысныҳәалоит ааҧын ныҳәа ссир – Жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәа.
Ари амш – даҽазныкгьы аџьшьара шәыҭаразы ҭагылазаашьа бзиоуп. Ҳазҭагылоу аамҭазы аҳәынҭқарратә ҧсҭазаара аганқәа зегьы рыҟны аихьӡара бзиақәа змоу, ахәышҭаара, аҳәынҭқарра алахьынҵа аиқәырхараҟны аҭакҧхықәра зду аҧҳәыс лроль аҵак адура, ахә ашьара шыуадаҩу азы ҳзеиҧш хдырра арҕәҕәоит.
Шәара ҳаҧсҭазаара даҽа цәак ахашәҵоит, ахаара, аҧхарра аҵашәҵоит. Иааиз ааҧынра ишәзаанагааит агәалаҟазаара бзиа, алшара ҿыцқәа, ақәҿиарақәа шәнапы злаку аусқәа рыҟны!
Ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, ишәзааигәоугьы шәаргьы!».