Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Аҿари аспорти русқәа рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы иаҭаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит

30.01.2020

Ажьырныҳәамза 30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба  инапы аҵаиҩит Аҿари аспорти русқәа рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы иаҭаразы Аусԥҟа.

Аусԥҟа аҟны иҳәоуп:

«Аҿари аспорти русқәа рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа рынагӡаразы даҭазааит Пиканин Михаил Геннади-иԥа».


Возврат к списку