Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Хьыбла Герзмаа лиубилеи лыдиныҳәалеит

06.01.2020

Ажьырныҳәамза 6 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсни Урыстәылеи Жәлар рартист, «Ахьӡ-Аҧша» аорден актәи аҩаӡара занашьоу Хьыбла Герзмаа лиубилеи лыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Хьыбла Леуарса-иҧҳа!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеитә рыцхә.
Аиааирақәа, ақәҿиарақәа, ахәаҧшҩцәа рыбзиабарала, ахҭыс дуқәа рыла иҭәу Шәара шәырҿиаратә биографиа џьашьахәыс иукыртә иҟоуп.

Зеиҧшымҟам абжьы, адраматә баҩхатәра ду, аҧшӡара, агәыкра, ааҧсарада аусура – абарҭ аҟазшьақәа иҳәаақәырҵеит адунеитә мҽхакы аҟынӡа иҟоу шәаҳәаҩык иаҳасабала Шәара ишәымоу ахьӡ-аҧша.

Шәара, аиашазы, адунеи аҟны Аҧсны акультура цҳаражәҳәара азыжәуеит. Шәахьыҟазаалак, шәазгәдуны аҧсуа жәлар, шәыҧсадгьыл гәакьа Аҧсны шәшахылҵшьҭроу шәҳәоит. Аҳәара уадаҩуп ҳажәлар Шәара – ҳмилаҭ ргәадура, шәышҟа ирымоу абзиабара ду атәы. Иара убас игәадуроуп ҳара ҳзы урыстәылатәи ахәаҧшҩцәа Шәара шәҟазара иарҭо азҿлымҳареи абзиабареи.
Афестиваль «Хьыбла Герзмаа шәаалыҧхьоит…» Аҧсны акрызҵазкуа, ҳтәыла анҭыҵгьы хара ирдыруа культуратә хҭысхеит. Абас еиҧш иҟоу акультуратә проект адунеи аҟны Аҧсны ахьӡ ҭызго, уи есааира ирылазырҵәо ак акәны иҟалеит.

Аҧсны ашҟа, шәықалақь Пицунда ашҟа ишәымоу агәбылра аҧхьаҟагьы арҿиаратә иааира дуқәа ахылҵлааит, арҿиаратә гәазыҳәара шәнаҭалааит.

Ҳаҭыр зқәу Хьыбла Леуарса-иҧҳа, ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, анасыҧ, аихьӡара ҿыцқәа».




Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org