Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аветеранцәеи аусзуҩцәеи рыдныҳәалара

20.12.2019
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аветеранцәеи аусзуҩцәеи рыдныҳәалара
Ԥхынҷкәынмза 20 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аветеранцәеи аусзуҩцәеи Аҳәынҭкарратә шәарҭадара аусбарҭақәа рымш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аветеранцәеи аусзуҩцәеи!

Шәзанааҭтә ныҳәа – Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Амш шәыдысныҳәалоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә шәарҭадара, уи атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи шәара ааҧсарада есҽны имҩаҧыжәго шәусура ауп. Шәара шәнапы иану аус шаҟа ҭакԥхықәрала шәазнеиуа еиҧш иҭышәынтәалахоит ҳауаажәлар рҭынчра.

Шәара еснагь фырхаҵарыла, хамеигӡарада хьыӡла-ҧшала шәзнааҭтә уал нашәыгӡоит. Аԥсны анапхгара ргәыӷра дуқәа шәыдырҳәалоит шәусура ҩаӡара ҳаракырала анагӡараҟны.

Абри амшныҳәазы ишәзааигәоу шәҭынхацәа нашәыдкыланы ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара, аихьӡарақәа».

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org