Ҧхынҷкәынмза 2 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба амчратә еилазаарақәа злахәыз аилацәажәара мҩаҧигеит.
Аилацәажәара иалахәын Ахада Ихаҭыҧуаҩ Аслан Барцыц, Аҧсны Жәлар Реизара – Апараламент аиҳабы Валери Кәарҷиа, Аҧыза-министр Валери Бганба.
Аҳәынҭқарра Ахада ҳазҭоу ашықәс абҵарамзазы Аҟәа ақалақь аҿы аҭыҧ змаз ацәгьоура аҭҵаара амҩаҧысшьа иазкыз аҳасабырба инамаданы, иҳәеит:
«Ашәарҭадара Ахеилак аҟны ишьақәыргылан ацәгьоурақәа раарҧшра аҿҳәара. Иҳамоу алҵшәақәа исыдырҵоит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихы иақәиҭтәразы аӡбамҭа адкылара, иара убас Апрокурор хада ихы иақәиҭтәразы Аҧсны Жәлар Реизара – Апараламент ахь ажәалагала анашьҭра».
Твитнуть | |