Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Адыгеиа Ареспублика даҭаауеит мышктәи аусуратә визит ала

06.11.2019

Абҵарамза 7 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Адыгеиа Ареспублика даҭаауеит мышктәи аусуратә визит ала.

Адыгеиа Ареспублика анапхгара иҟанаҵаз ааҧхьарала Рауль Ҳаџьымба Адыгеиа Ареспублика актәи Ахада Аслан Џьаримов 80-шықәсаихыҵра иазку аныҳәатә усмҩаҧгатә далахәхоит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуеит иара убас Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Адыгеиа Ареспублика Ахадеи реиҧылара. Рауль Ҳаџьымбеи Мураҭ Кумпилови Аҧсны Аҳәынҭқарреи Адыгеиа Ареспубликеи реизыҟазаашьақәа ирызку иактуалтәу азҵаарақәа ирылацәажәараны иҟоуп.

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org