Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аҧсны иҟоу Никарагуа Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Альба Асусена Торрес-Мехиа дидикылеит

09.10.2019
Ахада Аҧсны иҟоу Никарагуа Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Альба Асусена Торрес-Мехиа дидикылеит
Жьҭаарамза 9 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Рауль Ҳаџьымба Аҧсны иҟоу Никарагуа Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Альба Асусена Торрес-Мехиа дидикылеит. 

Ахада уи иҭабуп ҳәа леиҳәеит Ахада имаҵура анагӡарахь инеира иазку аныҳәатә еилатәара дахьалахәыз азы. Иара убас иаҵшьны иазгәеиҭеит Аҧсни Никарагуеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа рыҿиара иамоу аҵакы.    Никарагуа ажәлари анапхгареи ирзеиҕьаишьеит ашәҭыкакаҷра, аизҳазыҕьара.

Альба Асусена Торрес-Мехиа Никарагуа анапхгара ахьӡала илҳәеит аҧхьаҟагьы аусеицра ацҵара ишазхиоу, Аҧсни Аҧсны жәлари ирзеиҕьалшьеит аҭынчра, аизҳазыҕьара.  

A65A6464.JPG



Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org