Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Ҟарачы-Черқьестәи Жәлар Реизара Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Мусса Екзеков дидикылеит

09.10.2019
Ахада Ҟарачы-Черқьестәи Жәлар Реизара Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Мусса Екзеков дидикылеит
Жьҭаарамза 9 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Ҟарачы-Черқьестәи Жәлар Реизара Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак Ахантәаҩы Мусса Екзеков дидикылеит.

Мусса Екзеков Ахада дидныҳәалеит, аҳәынҭқарра Ахада имаҵураҟны аихьӡарақәа изеиҕьеишьеит.

«Гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьар сҭахуп зыгәрагоу, рҿаҧхьа иқәшәыргыло аҳасабтәқәа лассы, хаҭабзиара ҳаракыла рынагӡара зылшо, азыҟаҵара змоу аусзуҩцәа реидкылара. Ҳара зегьрыла уи ҳацхраалоит, ҳаидгыланы ҧхьаҟа ҳцалоит, Аҧсны зҧеиҧш адызҳәало аҳәаанхыҵ иҟоу ҳџьынџьуаа рзы алшара дуқәа аҧаҳҵалоит. Ари аҳәынҭқарра аргылараҟны ицхыраагӡа дууп ҳәа сгәы иаанагоит. Ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи шәыдыскылоит, ҳарҭ ҳаидгыланы аус еицаҳаулароуп», – иҳәеит иара.

Аҳәынҭқарра Ахада Мусса Екзеков адныҳәаларазы иҭабуп ҳәа еиҳәеит, иазгәеиҭеит Аҩадатәи Кавказ ажәларқәеи ҳареи ҳаимадара иамоу аҵак ду.  

«Ҟарачы-Черқьестәи ҳашьцәа иреиҕьу азеиҕьашьарақәа рыдыскылоит. Аамҭа хьанҭақәа раан иааны иҳадгылеит, иҳацхрааит. Иахьа, аҭынч ҧсҭазаараангьы ҳаидгылазароуп, ҳҿапҳьа иқәгылоу аҳасабтәқәа рыӡбараҟны ҳаицхыраароуп», – иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра Ахада.

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org