Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Ҭырқәтәыла анаплакҩцәа рделегациа идикылеит

22.08.2019
Ахада Ҭырқәтәыла анаплакҩцәа рделегациа идикылеит

Нанҳәамза 22 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсныҟа усуратә визитла иааз Ҭырқәтәыла анаплакҩцәа рделегациа идикылеит.

Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа аҧсшәа раҳәаны, иқәгылара хациркит:


«Бзиала шәаабеит, ҳаҭыр зқәу асасцәа! Гәахәароуп ҳара ҳзы Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны шәбара!

Аҧсни Аҧсны жәлари ахаангьы гәык-ҧсыкала ирыдыркылоит агәҭакы бзиақәа зманы иаҳҭаауа зегьы.

Аҧсны ижәытәӡатәу аҭоурых змоу ҳәынҭқарроуп. Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа ҳажәлар ргәылара инхоз, Амшын еиқәа иаҿықәыз аҳәынҭқаррақәа ирықәынхоз ажәларқәагьы даргьы рыбжьара аизыҟазаашьа бзиақәа рышьақәыргылара иашьҭан.

Ари аҭоурых адаҟьақәа иргәылоуп аҧсуа етнос ақәӡаара ахықә аҟынӡа иназгаз атрагедиатә хҭысқәа зцыз ашықәсқәагьы. Иҟоуп иара убас, амилаҭ ркультура аҧҵара, ахәаахәҭра арҿиара ианаҿыз аамҭа бзиақәагьы.

Шәара ибзианы ижәдыруеит СССР анхыбгала анаҩс, Аҧсны аҭоурых ҿыц аан имҩаҧысуаз ахҭысқәа, ҳажәлар аҧсреи абзареи ианрыбжьагылаз.

СССР анхыбгала ашьҭахь Қырҭтәыла анапхгара Аҧсны иадыргалаз ашьаарҵәыратә еибашьра иахҟьаны зықьҩыла ҳажәлар ҭахеит. Ари аибашьра хлымӡаах ҕьашьа зқәым ахәрақәа аннаҵеит ҳтәыла, ҳекономика акраамҭа еиҭаҳәара амамкәа ихырбгалан. Аекспертцәа иҟарҵаз алкаақәа рыла аибашьра иаҳнаҭаз аҧхасҭа 13 млрд. доллар еиҳаны иартәоит.

Иахьагьы ақәылаҩцәа имҩаҧыргаз ацәгьоуразы аҭакҧхықәра рыдҵаӡам, уи моу, Мраҭашәара атәылақәак, ҷыдала, Еиду Америка Аштатқәа иҟарҵо адгыларала ацкаура гәҭакыс ирымоуп.

Ирхыргаз агәаҟрақәа рнаҩсангьы, агеноцид иацәынханы аиааира згаз ҳажәлар, ахьыҧшымра рыланаҳәеит, уи иара Аконституциала ишьақәнарҕәҕәеит, зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аргыларагьы иалагеит.

Усҟан еиҧш, иахьагьы иҟоуп абзиа згәы иҭам, ҳаҿиара иаҧырхагоу, ҳҳәынҭқарра ашьақәгылараҟны аҧынгыла азҭо, азинеиҟаратә субиект аҳасабала, адунеитә политикатәи економикатәи наӡаӡааӡара алахәра алмыршара хықәкыс иҟаҵаны.

Абри аҭагылазаашьаҟны раҧхьа аиҩызара ҳзызуз, 2008 шықәсазы ҳхьыҧшымра азхазҵаз тәылоуп Урыстәылатәи Афедерациа. Анаҩс, Аҧсны аофициалтә дипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара алшеит Еиду амилаҭқәа реиҿкаара атәылақәа жәпакы рыҟны. Убарҭ рыҩныҵҟа иҟоуп - Никарагуа, Венесуела, Шьамтәылатәи Арабтә Республика, Науру, Тувалу, Вануату.

Ҳазҭагылоу аамҭазы Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа шьақәырҕәҕәоуп ҳастратегиатәи ҳекономикатәи усеицура зиндырратә шьаҭас иамоу, акрызҵазкуа аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа рыла.

Абри иабзоураны, ҳшәарҭадара шьақәырҕәҕәаны, атәыла аҿиара апроцесс хацыркын.

Аибашьра ашықәсқәа раан ихырбгалаз Аҧсны аекономика ҳазҭагылоу аамҭазы аиҭашьақәгылара амҩа иануп, ҳара агәра ганы ҳаҟоуп аринахысгьы, иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа инаҷыданы, Аҧсны аекономикатә еизыҟазаашьақәа ргеографиеи рхырхарҭақәеи есааира рыҽшдырҭбаало.  

Ҭырқәтәылатәи Ареспублика ҳтәыла аекономикатә усеицура хықәкыс иахьамоу х-тәылак реихысырҭаҟны иҟоуп, ҳара ҳганахьала уи ҳазхиоуп.
Раҧхьа иргыланы, иҟоуп зеиӷьыҟам аҧсабара-ҳауатә лшарақәа, иара убас агеографиатә ҭагылазаашьа бзиа.

Аҩбатәи - ҳтәылақәа рнаплакҩцәа русеицураҟны ирыбжьоу аҧышәа. Иаҧҵоуп иагьҧышәоуп аиҩызаратә еимадарақәа, урҭ аибашьра ашьҭахьтәи 25 шықәса раахыс ишьақәыргылоуп.

Ахҧатәи - ҳҳәынҭқарреи абизнестә уаажәларреи ҳтәыла зҿлымҳара азҭо ауааи аилазаарақәеи рганахьала наҟ-ааҟ феида змоу аусеицура иахьазхиоу ауп. 

Аҧсны даара ибзианы иргәалашәоит, аибашьра ашьҭахь Ихьыҧшым аҳәынҭқаррақәа реилазаара иалахәу атәылақәа Аҧсны аблокада ианҭадыргылаз адәахьтәи аҳәаақәа шыҧкызгьы, мшынла Ҭырқәтәылантәи ишаауаз абылтәы, аргыларатә маҭәахәқәа, афатә, иара убас зыда ҧсыхәа ыҟам атауарқәа. Арантә иргон абна, иара убас аметалл еиқәаҵәа аихаҷа-маҷа. Усҟан ҳара ахеиқәырхара аамҭа ҳҭагылан, аха иахьа, ҳазҭагылоу аамҭазы убри амҩеи еиқәыҧхьаӡоу аҧыжәарақәеи ҳхы иархәаны, еиҳа хаҭабзиарала зыҩаӡара ҳараку ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рышҟа аиасра ҳалшоит.   
Ҿырҧштәык аҳасабала исҳәарц сылшоит, 2018 ш. рзы  Ҭырқәтәылеи Аҧсни рыбжьара адәныҟатауареикәшара 1, 3 млрд.мааҭ шартәаз, мамзаргьы ҳтәыла атауареикәшара зегьы аҟнытә 7%, 2017-тәи ашықәс иаҿырҧшны ҳахәаҧшуазар, 26% рыла еизҳаит. Ацифрақәа рымҽхак рацәак иҳаракымзаргьы, зегь реиҳа ихадароу, 1994 ш. раахыс ари аганахьала аимпорти аекспорти рхырхарҭа ҭышәынтәаланы аизҳара шаиуз убоит.

Анаплакратә аҧшьгарақәа аполитика иацәыхароуп, аполитика ахаҭа зны-зынла анаплакратә аҧшьгара аҿиара ҕәҕәала аҧынгыла ананаҭо ыҟоуп, акоммерциа иацу ашәарҭара иазырҳауа, аха хазы игоу аҿырҧштәқәа излаҳдырбо ала, аҭагылазаашьа иага иуадаҩзаргьы, есқьынгьы алҵшьа ыҟоуп. 

Аҳәынҭқарра аганахьала арҭ аҧшьгарақәа адгылара роуеит.  

Аҧсны иаҧҵоуп аусгьы ауеит ашәахтәқәҵара, аинвестициатә усура, адгьылтәи, амазаратәи еизыҟазаашьақәа, абанкқәа русура ҳәаақәызҵо иақәнагоу азакәанҧҵаратә база, акоммуналтә маҵзурақәеи фымцамчыла аиқәыршәареи русхк аҟны хархәара амоуп алибералтә тарифқәа рполитика, аус ауеит иааизакны ҳаамҭа иақәшәо анхамҩеи акоммерциатә усуреи алзыршо азинхьчаратәи аӡбаратә системеи.     
Ҳара даара зҿлымҳара аҳҭоит амилаҭтә економика аҟәшақәа зегьы ҭышәынтәаланы реизҳара, аусуратә ҭыҧ ҿыцқәа раҧҵара, ари иабзоураны, ҳауаажәлар рсоциалтә-економикатә ҭагылазаашьа аиҕьтәра алзыршо адәныҟатәи аинвестициақәа рхархәара.     
Шәара ҳтәылахь шәаара ҩ-ганктәи аимадара арҿиара иацхраауеит, ари иаҳзеиҧшу апроектқәа рхацыркра иахыҵхырҭахар ҟалоит, иазҧхьагәаҭоу аҧшьгарақәеи агәҭакқәеи рынагӡаразы ицхыраагӡахар алшоит. 
Сара агәра ганы сыҟоуп, иахьатәи ҳаицәажәареи ҳгәаанагарақәа реимдареи аконструктивтә ҟазшьагьы алҵшәақәагьы шроуа, абри инамаданы, сара сганахьала аусеицура сазхиоуп».

Аделегациа алахәцәа- анаплакҩцәа Ҭырқәтәылеи Аҧсни русуратә еимадарақәа рыҿиара ишадгыло рҳәеит, иара убас иазгәарҭеит ҷыдала Аҧсны Аҳәынҭқарра атуристтә усхк зҿлымҳара шарҭо атәы. 

Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчызмоуи Ацҳаражәҳәаҩ Алеқсеи Двинианин иҳәеит Ҭырқәтәылатәи анаплакҩцәа рделегациа Аҧсныҟа аара алҵшәа аманы иҟалоит ҳәа игәы ишаанаго.

2.jpg

3.jpg

 



Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org