Ателехәаҧшратә канал «Абаза-ТВ» аколлектив адныҳәалара

26.06.2019

Рашәарамза 26 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба «Абаза-ТВ» аколлектив ателеканал аҧҵара амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу раҧхьатәи ихьыҧшым аҧсуа телехәаҧшратә канал "Абаза-ТВ" аусзуҩцәа!

Ишәыдысныҳәалоит ателехәаҧшратә канал аҧҵара амш!

Абар, 12 шықәса ҵит «Абаза-ТВ» хаҭабзиарала, обиективла, оперативла ҳтәылаҿы имҩаҧысуа аполитикатә, асоциалтә-економикатә, акультуратә хҭысқәа раарҧшра иаҿуижьҭеи.

Ателехәаҧшратә канал зықьҩыла ахәаҧшцәа рыгәрагара иаҧсахеит, уи хымҧада «Абаза-ТВ» аколлектив ҳәоуеиқәшәарала русура иабзоуроуп. Шәара ҭакҧхықәрала, ламысцқьала шәус шәазнеира шықәсырацәалатәи ақәҿиарақәа шәнаҭеит.

Ишәзеиӷьасшьоит аизҳазыӷьара, шәнапы злашәкуа аусқәа зегьы рыҟны аихьӡара ҿыцқәа».

Возврат к списку