Ахада Афон ҿыцҟа аусуратә ныҟәара мҩаҧигеит

19.06.2019
Ахада Афон ҿыцҟа аусуратә ныҟәара мҩаҧигеит

Рашәарамза 19 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭкарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Афон ҿыцҟа иусуратә ныҟәара.

Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра Асоциалтә-економикатә ҿиара ацхрааразы аинвестициатә программала иарбоу ахарџь ала зыргылара мҩаҧысуа ахәыҷбаҳча ахьыргылахо аҭыԥ дахәаԥшны ибеит.

Аобиект аргылара нап аркын 2017 шықәсазы, аусурақәа хыркәшаны ахархәарахь ирыҭахароуп 2019 шықәса цәыббрамзазы.

«Аусурақәа мҩаԥысуеит иазырбоу аҿҳәара инақәыршәаны. Асантехника иазку аусурақәа ракәзар, иааиуа амшқәа рзы ихыркәшахоит, зегьы рышьақәыргыларақәа ирзырхиоуп. Аҳауарыцқьареи амцарцәаратә системеи шьақәыргылоуп, иаанхаз ашәагатә мыругақәа рышьақәыргылара ауп. Иара убас афымцатә цәаҳәақәеи аӡымҩангагақәеи ралдара иаҿуп. Ҳазҭагылоу аамҭазы адгьылҵакыра аиҿкааразы аусурақәа цоит», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа аиҳабы Игор Амқәаб.

Афон ҿыц Ахада иажәақәа рыла, ахәыҷбаҳчаҿы 140-ҩык ахәыҷқәа рҭыҧ ҟалоит.

Ахада иара убас ибеит ареспубликатә биуџьет ахарџь ала зыргылара иаҿу Аҿар рхан аҟны аусурақәа рымҩаԥысшьа. Ихыбгалаз ахыбра еиҭашьақәыргылан, аусурақәа раан иацҵан ашәҟәыԥхьарҭа ауада. Ҳазҭагылоу аамҭазы аусурақәа рыбжеиҳарак нагӡоуп, акоммуникациақәа зегьы алдоуп.

«Ахыбра аҭагылазаашьа уадаҩын. Ҳарҭ иҳаӡбеит уи ҳхатә харџьқәа рыла аиҭашьақәыргылара. Ақалақь аҟны гәацҧыҳәарала акультуратә ԥсҭазаара зҽалазырхәырц зҭаху аҿар рацәоуп, ауаа рацәоуп. Ҳарҭ урҭ рҭахрақәа наҳагӡар ҳҭахуп», - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада.

Афон ҿыц Ахада иазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу аобиект ақалақьуаа рзы аҵак ду шамоу:

«Ҳарҭ, Афон ҿыц инхо ауааҧсыра, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иахь ааԥхьара ҟаҳҵеит ахыбра аиҭашьақәыргылараҟны ацхыраара ҳаиҭарц. Уи ахаҵгылара аиуит, аргыларазы ахарџь азоужьын. Аҩбатәи аихагылаҟны иҟалоит ашәҟәыԥхьарҭеи ашахматтә клуби. Ҳарҭ асасцәа рацәаҩны иаҳҭаауеит, акультуратә хан ҳамаӡам. Аконцертқәа ахьымҩаԥаҳгоз ҳамамызт. Хара имгакәа, даара иԥшӡоу акультуратә хәышҭаара ҳауеит».

Иара убас Ахада ибеит Афонҿыцтәи аҳаԥы авестибиуль ҿыц. Аргыларатә усурақәа мҩаԥган Иаку ареспубликатә наплакы «Афонҿыцтәи аҳаԥы акомплекс» ахарџь ала.

Иаку ареспубликатә наплакы « Афонҿыцтәи аҳаԥы акомплекс» адиректор Мирон Чалмаз иҳәеит авестибиуль ҿыц аргылара заҭаххаз:

«Аԥхын Афонҿыцтәи аҳаԥы хыԥхьаӡара рацәала асасцәа аҭаауеит, зегьы ахолл аҟны раанкылара уадаҩын. Рауль Џьумка-иҧа идҵала ишьақәыргылаз аелектронтә терминал ахархәара уа ауадаҩрақәа ацын. Иахьа ҳара иҳалшоит ишақәнагоу еиҧш, азакәанԥҵара инақәыршәаны атуристцәа абилеҭқәа рыҭара, аҳаԥы аҭааразы, иара убас аҳаԥы ахаҭа аиҷаҳаразы еиӷьу аҭагылазаашьақәа раԥҵара».

Акурортқәеи атуризми рминистр Авҭандил Гарцкьиа иара убас иазгәеиҭеит аҳаԥы иаҭаауа атуристцәеи атәылауааи рзы авестибиуль аргылара иамоу аҵак ду.

1 детсад.JPG

2 дворец молодежи.JPG

3 пещера.jpg

4 пещера вестибюль.JPG


Возврат к списку