Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Гәули Кьычба дидикылеит

10.06.2019
Ахада Гәули Кьычба дидикылеит
Рашәарамза 10 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ареспубликатә еиҿкаара «Аҧсны анацәа аҭынчреи асоциалтә қәнагеи рзы» ахантәаҩы, Ауаажәларратә палата алахәҩы Гәули Кьычба дидикылеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Гәули Кьычба лиубилеи лыдиныҳәалеит.

«Ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи. Шәара акыр шықәса раахыс ҳҳәынҭқарра арҕәҕәара иазку аус дуқәа хадара рзыжәуеит. Еиҳа аамҭақәа аныуадаҩыз, Шәара шәыҷкәынцәа Аҧсадгьыл ахьчаразы хамеигӡарак ҟамҵакәа аибашьра иалагылан. Акыраамҭа шәыҷкәынцәа руаӡәк хабарда дыбжьаӡит ҳәа иҧхьаӡан. Аха убас иҟалеит, рацәак ҵуам, иҧсыбаҩ шьақәыргылахеит, ҳаҭырлагьы анышә иамадоуп. Убас аҭагылазаашьа ҟалеит, иҧсыбаҩ ҧшааны, ҳаҭырла анышә иамадоуп. Зегьы ирдыруазароуп абри адгьыл зхы ақәызҵаз афырхацәа.   
Аҧснеиҧш, уи анҭыҵгьы шәықәгыларақәа раан Шәара Аҧсны ахаҿра, анацәа рхаҿра аарҧшра шәылшоит ишақәнагоу ала. Ари нахыс аамҭа бзиақәа анцәа иҟаиҵааит. Шәҭаацәагьы Шәаргьы ишәзеиҕьасшьоит анасыҧ, агәабзиара», - иҳәеит Ахада.  

Гәули Кьычба Ахада адныҳәаларазы иҭабуп ҳәа иалҳәеит.

«Иҭабуп идуӡӡаны, Рауль Џьумка-иҧа! Хаҭала, ари аҳамҭа исышəҭаз, сара ус сахəаҧшуеит, абри аибашьра ду иалҵыз ирыбзоуроуп, урҭ рыхьӡала исыдыскылоит, еицеиҩаҳшоит ҳәа исыҧхьаӡоит. Избанзар, сымацара акгьы сзыҟаҵаӡомызт, анацəа ҟəыҕақəа, ҧшьҩык зыцəҭахаз, ҩыџьа-ҩыџьа зыцəҭахаз, заӡəзаҵəқəа зыцəҭахаз ыҟамзар. Аҧсны ҭаацəарак ыҟаӡам, ари агəырҩа зхьымсыз. Убарҭ рыҕəҕəара снырзар ҟалап саргьы, убарҭ срылагыланы рҿахəы сҳəартə еиҧш. Ари аиҧш алшара сызҭаз, аҳəынҭқарра иахагылоу, Аҧсынра иҵегьы еизҳаратəы, иҵегьы алшарақəа аиуртə аџьабаа збо зегьы, иҭабуп идуӡӡаны. Сгəысҽанӡамкəа иҟалаз усуп ари. Даара акраҵанакуеит уи сара сзы, аҭакҧхықəра ду сыднаҵоит. Иахьынӡасылшо анацəа срыдгылазаауеит, ргəы сзыҟаҵозар, кыр сылшозар, схы сеигӡом», - иазгәалҭеит Гәули Кьычба.

Аиҧылараҟны имҩаҧысит Гәули Кьычба аорден Ахьӡ-Аҧша II аҩаӡара ланашьара ацеремониа. Аусҧҟа инақәыршәаны, Гәули Кьычба Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿаҧхьа лылшамҭақәа рзы, ауаажәларра-политикатә усура активла лалахәразы Кьычба Гәули Михаил-иҧҳа иланашьоуп аорден Ахьӡ-Аҧша II аҩаӡара.

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org