Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада ашәахтә усбарҭақәа 25 шықәса рхыҵра иазкыз аныҳәатә еизараҟны иқәгылара

12.04.2019

Мшаҧымза 12 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ашәахтә усбарҭақәа 25 шықәса рхыҵра иазкыз аныҳәатә еизараҟны дықәгылеит

 

***

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! 

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә усбарҭақәа 25 шықәса рхыҵра иазку иахьатәи аныҳәатә еизара еиҿызкаази уи иалахәқәоуи гәахәарыла сшәыдныҳәалоит.

Аҧсны Аҳәынҭқарра – адунеи аполитикатә хсаалаҟны иҿыцу ҳәынҭқарроуп, уи ахьыҧшымра актәи амш инаркны ихаҭәаанагӡаны ашьақәгылареи анапынҵақәа рынагӡареи алзыршо аҳәынҭқарратә напхагараҭара аусбарҭақәа раҧҵара апроцесс хацыркын.

Абри аамҭа инаркны ихымҧадатәиу аҳәынҭқарратә еилазаарақәа реиқәыҧхьаӡаҟны иарбоуп ашәахтә усбарҭа аҭыҧгьы.

Ҩажәихәба шықәса ҵит, ари аамҭа агьмаҷым иагьдуум. Изгәалашәо рацәаҩуп, аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа хьанҭақәа раан зегьы ҿыц ихацырктәын, азакәанҧҵара азырхиатәын, иаҧҵатәын ахатәы шәахтә система, аҧышәа рҳатәын, ирҿыцтәыз, еиҕьытәтәыз ыҟан. Зегьы ус иаарласны, имарианы изыҟалаӡомызт.

Ашықәсқәа рыҩныҵҟа ашәахтә усбарҭақәа рсистемаҟны аус руан иахьагьы ируеит зыквалификациа ҳараку аспециалистцәа, урҭ зыҧсахуа акадр ҿыцқәагьы нарыҵагыло иаауеит, есышықәса зхаҭабзиара ҳараку ашәахтә напхгаразура аҧышәа ашьақәгылара иаҿуп, ашәахтәқәҵаратә база арҭбаареи ҳнаплакыҩцәа ршәахтә шәатәқәа рымҽхак аизырҳареи ирыбзоураны аҳәынҭқарратә биуџьет ахатәы хашәалақәа ирыцлоит.

Абри аан ибзианы иаҳдыруазароуп, аҳәынҭқарра ахылаҧшратә политика шәахтәшәаҩцәақәак рзы ихьанҭаны, даҽа џьоукы лоиалла ҳрызнеиуа иҟамлароуп.

Ашәахтә политика џьбаразароуп, убри аангьы иобиективтәны, хьаҳәаҧаҳәарада ашәахтә леишәа, ашәахтәқәҵара ақәнага апринцип иқәныҟәозароуп. Абри аҳасабтә анагӡароуп ашәахтә усбарҭақәа рнапы ианҵоу.  

Абас еиҧш иҟоу азнеишьа егьи аганахьала ашәахтә система ҳәаақәызҵо аҟазшьа амазароуп, уи ҳхатәы економика аҿиареи ҳтәыла анаплакра адгылара аҭареи иацхраауа иҟазароуп. Ахылаҧшратә усбарҭақәа рхаҿала иқәгыло аҳәынҭқарра ашәахтәшәаҩцәеи иареи абри аусхк аҟны азакәанҧҵара шьаҭас иаҭаны агәреибагара, аҳаҭыреиқәҵара рыбжьазароуп.

Шәаҧхьаҟа аус дуқәа шьҭоуп. Ҳазҭагылоу аамҭазы лассы зҽызыҧсахуа аҭагылазаашьақәа рыҟны ашәахтә системаҟны аиҭакрақәа, арҿыцрақәа аҭахны иҟалоит. Ҳара ареформақәа мҩаҧаҳгеит ҳәа ҳҳәарц азы ареформақәа ҳҭахӡам. Иарбан идеиазаалак, иҿыцу ажәалагалақәа - зегьы ибзианы ирызхәыцтәуп, ишәатәуп изатәуп, урҭ иҳамоу аҧышәа шьаҭас ирымазароуп. Агха аҟаҵара азин ҳамаӡам, ҳҳәынҭқарра ашәахтә политика аиҭакразы шәара шәгәаанагара хадараны иҟалароуп.

Арҭ аҳасабтәқәа рыӡбара зылшо зыквалификациа ҳараку аспециалистцәа, системала зхы аус адызуло, здыррақәа ҵаулоу, рнапы иану аус азы ҳҳәынҭқарреи ҳуаажәларреи рҿаҧхьа аҭакҧхықәра зхы адҵара иазхиоу ауаа роуп. 

Иахьатәи арыцхә инамаданы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рминистрра анапхгареи аколлектив зегьи, аҭыҧантәи аилазааратә ҟәшақәа надкыланы, ирыдысныҳәалоит 25-шықәсатәи риубилеи!

Ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, аихьӡара ҿыцқәа, шәнапы злаку аусқәа рыҟны ақәҿиарақәа.

 


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org