Ахада ихаҭыҧуаҩ Аҧсны Аҳәынҭқарра Амотоспорт афедерациа алахәылацәа дырҧылеит

Ахада ихаҭыҧуаҩ Аҧсны Аҳәынҭқарра Амотоспорт афедерациа алахәылацәа дырҧылеит 03.11.2017

Абҵарамза 3 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Витали Габниа Аҧсны Аҳәынҭқарра Амотоспорт афедерациа алахәылацәа идикылеит.

2018 шықәса цәыббрамзазы хард ендуро захьӡу аицлабразы Адунеи ачемпионат амҩаҧгара азгәаҭаны иҟоуп.

Витали Габниа иазгәеиҭеит Аҧсны Аҳәынҭқарразы иеиуеиҧшым аспорттә еицлабрақәа рымҩаҧгара аҵак ду шамоу.

«Ас еиҧш иҟоу аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаара ҳтәыла ахыҧша шьҭнахуеит. Урҭ рыбзоурала Аҧсны аӡбахә хара инаҩыр алшоит», - иҳәеит Витали Габниа.

Амотоциклқәа рыла Ендуро азы адунеи ачемпионат аиҿкааҩ хада Мартин Френадемец адырра злаҟаиҵаз ала, зыӡбахә рҳәо аицлабра аҽазыҟаҵараани амҩаҧгараани АИХ-и аинтернети рыла аӡыргара мҽхакы ҭбаала ицалоит, иара убасгьы аҳаиртә баҕәазақәа рҟынгьы аӡыргарақәа ҟалоит.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Амотоспорт афедерациа ахада Алексеи Адикаев Ахада ихаҭыҧуаҩ иҭабуп ҳәа иеиҳәеит ари аицлабра амҩаҧгаразы иҟаиҵо ацхырааразы.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Амотоспорт афедерациа алахәыла, «Формула-1 алотус» аиҿкааҩ Андреи Волохов иазгәеиҭеит ачемпионат иеиуеиҧшым атәылақәа рҟынтәи аспортсмнцәа рхы шаладырхәуа.

«20 ҳәынҭқарра рҟынтәи 200-ҩык инарзынаҧшуа аспортсменцәа ралахәра азгәаҭаны иҟоуп. Урҭ рхыҧхьаӡара иҵегьы иеиҳахар ауеит», - иҳәеит иара.


Возврат к списку