Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба Аџьынџьуаа азинтәи асоциалтәи цхыраара рыҭаразы ассоциациа активқәеи Аҧсны иҟоу Урыстәыла аџьынџьуаа аурыс еидгылара Аконгресси реизара далахәын

Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба Аџьынџьуаа азинтәи асоциалтәи цхыраара рыҭаразы ассоциациа активқәеи Аҧсны иҟоу Урыстәыла аџьынџьуаа аурыс еидгылара Аконгресси реизара далахәын 15.11.2020 Аҧсны Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианини Аџьынџьуаа азинтәи асоциалтәи цхыраара рыҭаразы ассоциациа активқәеи Аҧсны иҟоу Урыстәыла аџьынџьуаа аурыс еидгылара Аконгресси реизара иалахәын.  

Аиҧылараҟны ирылацәажәан Аҧсны иқәынхо хылҵшьҭрала иаурысу ринтересқәа рыхьчареи урҭ ареспублика асоциалтәи, акультуратә, аполитикатә ҧсҭазаара ралахәреи ирызку хыхь зыӡбахә ҳәоу аиҿкаарақәа русура.

Иазгәаҭан Аџьынџьуаа азинтәи асоциалтәи цхыраара рыҭаразы ассоциациа активқәеи Аҧсны иҟоу Урыстәыла аџьынџьуаа аурыс еидгылара Аконгресси Аҧсны Ахадареи Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәареи русеицура иҵегьы еизааигәаны имҩаҧыслароуп ҳәа агәаанагара шыҟоу.  

Аҧсны Ахада Ихаҭыҧуаҩи Урыстәыла адипхаҭарнакра ахадеи хылҵшьҭрала иаурысу ринтересқәа хаҭарнакра рзызуа аиҿкаарақәа иааиҧмырҟьаӡакәа рҧыларақәа рымҩагаразы агәаанагара иадгылеит.  

Аизара ахыркәшамҭаз Бадра Гәынбеи Алексеи Двинианини Аҧсны иҟоу урыстәылатәи абжьаҟазаратә контингент аусура иазку  афотоцәыргақәҵа иаҭааит.

Ацәыргақәҵа автор Владимир Попов напхгара аиҭоит Аџьынџьуаа азинтәи асоциалтәи цхыраара рыҭаразы ассоциациа, Урыстәыла аџьынџьуаа аурыс еидгылара Аконгресс  хантәаҩыс дамоуп Геннади Никитченко.

Возврат к списку