Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ацҳамҭақәа

Платон Бебиа идныҳәалара 05.10.2017

Платон Бебиа идныҳәалара

Жьҭаарамза 5 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба апоет, ашәҟәыҩҩы, апублицист, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсны Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Платон Бебиа имшира идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:

Ҳаҭыр зқәу Платон Хәамҧа-иҧа!

Гәахәара дула ишәыдысныҳәалоит шәымшира! Зегь раҧхьа иргыланы, гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара ҕәҕәа, агәамч!

Ҳтәылаҿы, насгьы уи анҭыҵ Шәара шәеицырдыруеит збаҩхатәра ҳараку поетк, шәҟәыҩҩык иаҳасабала. Шәара шәыруаӡәкыуп иҳаҩсыз ашәышықәса 50-тәи ашықәсқәа рзы ҳмилаҭтә литература иаҵагылаз абиҧара ҿыц. Шәкаламҧынҵа иҵшәыжьхьеит хыҧхьаӡара рацәала апоезиатәи апрозатәи еизгақәа. Шәџьабаа ҕәҕәа рыдуп ажурналқәа “Амцабз”, “Алашара”. Акыраамҭа аус жәуан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аредактор хадас, адиректорс. Шәрылахәуп Аҧсны, иара убас Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа .

Аҧсшәахь еиҭаганы иҭшәыжьхьеит А.Пушкин, С.Есенин, К. Симонов, Е. Евтушенко, Р. Гамзатов, Р. Биорнс уҳәа еицырдыруа раҧҵамҭақәа. Иара убас ахәшьара ҳаракы роухьеит шәроманқәа, шәсахьаркыратә публицистика, шәхәыҷтәы поезиа.

Иалкаау шәпоезиатә ҧҵамҭақәа агәылоуп “ Аҩажәатәи ашәышықәсазтәи аҧсуа поезиа антологиа”. Шәырҿиаратә лшамҭа дуқәа азгәаҭаны, ишәанашьоуп Аҧсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа.

Даҽазныкгьы гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит агәалаҟара бзиа, аманшәалара!


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org