Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ацҳамҭақәа

21.03.2018

Аҧсны Ахада ихьӡала адныҳәаларақәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имшира азгәаҭара инамаданы адныҳәаларақәа ааира иаҿуп.

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко иҟалҵаз адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Шәыпрофессионализм ҳаракы, ааҧсарада имҩаҧыжәго аусура, шәнапы злаку аус иашәҭо азҿлымҳара ду Шәара Аҧсны аҧхьаҟатәи аҿиареи аизҳазыҕьареи ирызку ауснагӡатәқәа рынагӡара шәылдыршоит.

Сара агәра згоит Урыстәылеи Аҧсни риашьаратә жәларқәа реизҳазыҕьара ахьӡала имҩаҧыжәго аусура аҧхьаҟагьы ҳтәылақәа рыжәларқәа рыбжьара аҭоурыхтә, адоуҳатә, аекономикатә еимадарақәа шьаҭас измоу аиҩызареи, агәылеимабзиареи, аусеицуреи рырҕәҕәара ишазкхо».

Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Аҷыдалкаатәии Азинмчзмоуи Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев  Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имшира идиныҳәалеит:

«Урыстәыла ахә ҳаракны иршьоит ҳтәылақәа рыбжьара аусеицуратә еизыҟазаашьақәа рыҿиараҟны Шәара хаҭала шәлагаламҭа. Гәыҩбарада арҭ аизыҟазаашьақәа Урыстәылеи Аҧсни шьаҭанкылатәи ринтересқәа ирықәҿызҭуа аҧеиҧш бзиа шрымоу убартә иҟоуп.

Ҳаҭыр зқәу Рауль Џьумка-иҧа, ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа, ишәзааигәу ауаа – аманшәалара, аизҳазыҕьара».

Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа, аимадара, аинформациатә политикеи амассатә коммуникациақәеи рызҵаарақәа рзы Лугансктәи Жәлартә Республика Жәлартә Хеидкыла Аилак Ахантәаҩы Нелли Задирак иҟалҵаз адныҳәалараҟны иазгәаҭоуп:

«Шәара адгьыл аҿы зегь раасҭа иҳараку амиссиа – шәыжәлар рымаҵ аура шәнапы ианылеит! Шәара шәыгәаҕьра, шәгәамч, шәус шәазнеишьа азгәаумҭар ҟалом. Ареспублика иқәынхо ауааҧсыра аӡәаӡәала ирышәҭо азҿлымҳара аҳаҭырқәҵара иаҧсоуп».

Алада-арратә округ ар Ркомандаҟаҵаҩ аинрал аполковник Александр Дворников иара убас Ахада ихьӡала адныҳәалара ааишьҭит:

«Гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, ҭаацәала анасыҧ, аманшәалара, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿиареи аизҳазыҕьареи, Аҧсны жәлар рыҧсҭазаара аиҕьтәреи рус аҟны ақәҿиара дуқәа».

Краснодартәи Атәылаҿацә Администрациа Ахада Ҟәбантәи аказакцәа рыр атаман Николаи Долуда иҟаиҵаз адныҳәалараҟны иҳәоит:

«Шәара аӡбамҭа иашақәа рыдкылара зылшо, аҧсны аҿиаразы аҭакҧхықәра зхы иадызҵо аполитик ҟәыҕа иаҳасабала лыҵшәа змоу аусура аҳаҭырқәҵара ду иаҧсоуп».

Санкт-Петербург Агубернатор Георги Полтавченко иҟаиҵаз адныҳәалараҟны иазгәаҭоуп:

«Сгәы иаанагоит, Шәара иҟашәҵо адгылара иабзоураны Санкт-Петербурги Аҧсни рыбжьара аустәи аиҩызаратәи еизыҟазаашьақәа аҿиара шроуа, ишыҕәҕәахо.

Шәиубилеи амш аҽны ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, Аҧсны Аҳәынҭқарра аизҳазыҕьара иазку шәусураҟны аихьӡарақәа!». 


 Ауаажәларратә еиҿкаара “Урыстәылауаа атәылауаа реидгыла» Ахантәаҩы, 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, «Леон» иорден занашьоу Анатоли Никульников иҟаиҵаз адныҳәалараҟны иазгәеиҭеит:

«Шәиубилеи амш аҽны ишәзеиҕьаҳшьоит агәабзиара, кавказтәи агәамч, аихьӡарақәа шәусураҿы, аманшәалара шәҭаацәараҿы, ҩныҵҟала аҧхарра, аиааира ҿыцқәа. Аҭынчра агымзааит Аҧсны».

Ауаажәларратә еидгыла «Аҧсны иҟоу аурыс уаажәларра» анапхгара адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Аихьӡарақәа шәзеиҕьасшьоит ихьыҧшым Аҧсны Аҳәынҭқарра аргылареи милаҭрацәала иеилоу ажәлар реизҳазыҕьара иазку шәыгәҭакқәа рынагӡареи рҿы.

Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Аҧсны иқәынхо аурыс уааҧсыра ирышәҭо ацхыраареи адгылареи. Шәара ишәыбзоураны ареспубликаҟны адинбжьаратә ҭынчреи аҳәоуеиқәшаәреи рырҕәҕәаразы иалшо зегьы ҟарҵоит».

Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминстрра ахаҭарнак  Станислав Аҧсава Аҧсны Ахада изеиҕьеишьеит:

«Ари аныҳәа ишәзааигәоу, шәҩызцәа рыгәҭа имҩаҧысааит. Шәымшира ишәнаҭааит анасыҧ, агәалаҟазаара бзиа! Гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит  анасыҧ, аманшәалара, шәнапы злаку аус аҟны аихьӡарақәа».

 Аҧсадгьыл архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы Ахантәаҩы Беслан Дбар иҟаиҵаз адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ишәзеиӷьаҳшьарц ҳҭахууп агәабзиара, агәамч, агәалаҟара. Ҳаԥсадгьыл Аԥсны аԥсуа дагымхарц, идац-иԥашә ӷәӷәахарц, ҳџьынџьуаа ртәылаҿы игәыцә хаданы иҟазарц азы шәылшарақәа ӷәӷәахааит! Шәиааирақәа шәусқәа реиҳахааит! Ҳаԥсадгьыл агәеисырҭа шәажәа агымхааит».

Боливариантәи Ареспублика Венесуелеи еилагӡарала Ареспублика Никарагуеи иҟоу Аҷыдалкаатәии Азинмчзмоуи Аҧсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Гваџьава иҟаиҵаз адныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Сара агәра згоит аполитикатә ҧышәа ду ишәымои шәыпрофессионализм ҳараки аҧхьаҟагьы ҳтәыла асоциалтә-економикатә ҿиара иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аренаҿы апозициа аҳаҭыри рырҕәҕәара ишацхраауа. 

Гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҳәынҭқарратә усураҿы аихьӡарақәа». 

Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Николаи Патрушев иҟаиҵаз адныҳәалараҟны иҳәоуп: 

«Гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит амч, алшара, агәамч Аҧсны Аҳәынҭқарра ажәлар реизҳазыҕьара иазку аусураҟны аихьӡарақәа».

 Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аҧшыхәра Амаҵзура Адиректор Сергеи Нарышкин иҟаиҵаз адныҳәалараҟны иазгәаҭоуп: 

«Аҧсны жәлар реизҳазыҕьара иазку Шәара шәусураҿы шәхы иашәырхәоит анапхгараҿы аҧышәа дуи аҟәыҕареи. Ишәзеиҕьасшьоит аҳәынҭқарратә маҵзураҿы аринахысгьы аихьӡарақәа, агәабзиара, арҿиаратә гәазыҳәара, аманшәалара». 



Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org