Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ацҳамҭақәа

26.08.2018

Геннади Зиуганов Рауль Ҳаџьымба Жәларбжьаратәи азхаҵара 10-шықәсахыҵра амш идиныҳәалеит

Нанҳәамза 26 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Жәларбжьаратәи азхаҵара амш 10-шықәсахыҵра идиныҳәалеит Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думаҟны УААП афракциа анапхгаҩы Геннади Зиуганов

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәаргьы, ирыдысныҳәалоит милаҭрацәала иеилоу Аҧсны жәларгьы ҩ-ныҳәа дуӡӡак – Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 25 шықәса ахыҵреи Аҧсны ахьыҧшымра 10 шықәса ахыҵреи. Ҳара арҭ арыцхәқәа акуп ҳәа иҳаҧхьаӡоит.

Урыстәылатәи Афедерациа Акоммунисттә партиа иаразнак хьаҳәаҧаҳәарада Аҧсны ахьыҧшымра азханаҵеит, Аҧсны Аҳәынҭқарра Акоммунисттә Партиа иадгыланы аусура мҩаҧнагон урыстәылатәи амчхарақәа ахьыҧшымра азхарҵарц азы.

Аҧсны акоммунистцәеи ҳареи Аҩадатәи аполиус ашҟа аекспедициа еиҿаҳкааит адунеи аҿы зегь раасҭа иҳараку аҭыҧ аҟны ихьыҧшым Аҧсны абираҟ ашьақәыргаларазы. УААП заҵәык ауп шәреспубликаҟны имҩаҧысуаз алхрақәа рышҟа анаҧшыҩцәа дәықәызҵаз. Ҳара ҳпартиатә АИХ-еи УААП афракциа адепутатцәеи Аҳәынҭдумаҟны инеиҧынкыланы, инақәырҕәҕәаны абри амш ссир аҽны Аҧсны азхарҵарц азы иқәгылан.

Гәык-ҧсыкала Аҧсны иазеиҕьасшьоит аҭынчреи аизҳазыҕьареи. Аибашьра ахәрақәа рҕьара алыршахааит хара имгакәа.

Агәра шәсыргоит, Аҳәынҭқарратә Думаҟны УААП афракциа Урыстәылеи Аҧсни аҧхьаҟагьы реимадара ҕәҕәахаларц азы иалшо зегьы шыҟанаҵало».


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org