Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ишәыдысныҳәлоит Шәымшира. Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны Шәара ҳаҭыр ду шәықәырҵоит. Хаҭала Шәара шәыхьӡ иадҳәалоуп ҳтәыла аҭоурых ҿыц аҟны акырӡа зҵазкуа ахҭыс – Аҧсны Аҳәынҭқарра Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала исуверентәу ихьыҧшым ҳәынҭқарраны азхаҵара. Аҧсны анапхгареи Аҧсны жәлари ахә ҳаракны иршьоит ахьыҧшымра азхаҵара иазкыз имариамыз аӡбамҭа, иара убри ауп ҩ-ганктәи ҳаизыҟазаашьақәа аимпульс ҿыц рызҭаз.
Ҳаҭыр зқәу Дмитри Анатоли-иҧа, гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит ахирра, агәамч, аихьӡара ҿыцқәа аҭакҧхықәра зцу шәмаҵураҟны».