Ацҳамҭақәа

07.10.2018

Владимир Путин Имшира идныҳәалара

Жьҭаарамза 7 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Имшира идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

"Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа!

Аҧсны жәлари Аҧсны Аҳәынҭқарра анапхгареи рыхьӡала, азин сышәҭозар, гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәымшира.

Шәара Шәыхьӡ иадҳәалоуп мчызмоу ҳәынҭқарра дуӡӡак аҳасабала Урыстәыла аиҭеира, Урыстәыла жәлар рмилаҭтә интересқәа рыхьчара, аекономика аизҳара алыршара, асоциалтә усхк аҿиареи егьырҭ аихьӡара дуқәеи.  

Шәара адунеи мҽхаки аҭоурыхтә ҵаки змоу ҧхьагылаҩны шәыҟоуп уҳәар ауеит.

Ахада имаҵураҟны шәыҟанаҵы миллионҩыла ауаа раҳаҭыри рыбзиабареи шәаҧсахеит Урыстәылан мацара акәымкәа, егьырҭ агәыларатә ҳәынҭқаррақәа жәпакы рыҟны, Аҧсынгьы убрахь иналаҵаны.

Милаҭрацәала иеилоу ҳажәлар иҭабуп ҳәа шәарҳәоит Аҧсны иашәҭо адгыларазы, ашәарҭадареи асоциалтә-економикатә ҿиареи ралыршаразы, иара убас аҵак ду змоу егьырҭ азҵаарақәа рыӡбаразы.

Сара агәра згоит аринахысгьы ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аидгыларатәи астратегиатә усеицуратәи еизыҟазаашьақәа аҿиара шроуа, ишышьақәырҕәҕәахо Аҧсни Урыстәылеи ажәларқәа реизҳазыҕьара ахьӡала.

Абри амш шьахә аҽны, ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа, ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, иҿыцу аихьӡарақәа, аиааирақәа Урыстәыла ажәлари Урыстәылатәи аҳәынҭқарреи реизҳазыҕьара иазку шәус аҟны".



 


Возврат к списку