10.02.2022
Ахада Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы В. Е. Кәарҷиа Иира амш идиныҳәалеит
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы В. Е. Кәарҷиа Иира амш идиныҳәалеит.
«Ҳаҭыр зқәу Валери Ермеи-иҧа,
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш!
Шәааигәа еснагь иҟазааит бзиа ижәбо ишәзааигәо ауаа, шәнапы злаку шәыпрофессионалтә усура ишәнаҭалааит агәахәара, ацәгьара шәҟәыблаазааит.
Абри амш аҽны, ҳаҭыр зқәу Валери Ермеи-иҧа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, анасыԥ".