Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ацҳамҭақәа

12.06.2020

Урыстәыла Амш инамаданы УА Ахада В.В. Путин ишҟа Ацҳамҭа

Урыстәыла Амш инамаданы УА Ахада В.В. Путин ишҟа Ацҳамҭа
  
Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа!

Аҧсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа ду – Урыстәыла Амш.  
Урыстәыла Амш – Урыстәыла ҿыц иахәҭакны иҟалаз ныҳәоуп. Ари аныҳәа апатриотизми, ахақәиҭреи, ақәнагеи реиҧш иҟоу хра злоу аҟазшьақәа ирхыҵхырҭоу урыстәылатәи ажәлар ибеиоу рдоуҳатә, ркультуратә ҭынханы иҟалеит. Урыстәыла - иахьа ҳаамҭа иақәшәо, иҕәҕәоу,  ихьыҧшым, амилаҭтә интересқәа рыхьчара хықәкыс измоу, шеи-шықәса мчы змоу аҳәынҭқарра астатус шьақәзырҕәҕәо тәылоуп.  
Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа, Аҧсны ауааҧсыра зегьы рыхьӡала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит   аҧсуа ҳәынҭқарра арҕәҕәараҟни, ашәарҭадара алыршареи атәыла асоциалтә-економикатә ҿиареи, ҳтәылауаа рыҧсҭазаашьа аиҕьтәра аус аҟни хәы-змаӡам Шәара шәлагаламҭазы.
Азин сышәҭозар, Шәаргьы, Урыстәыла ажәлар зегьи гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәаларц сҭахуп ари аныҳәамш, ишәзеиҕьасшьоит аҭынчра, аизҳазыҕьара, аихьӡара ҿыцқәа Урыстәыла дуӡӡа ахьӡала.

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org