Ареспублика Арцах Ахада Бако Саакиан Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Ахада имаҵурахьы иеиҭалхра идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ареспублика Арцах анапхгареи ажәлари рыхьӡалеи хаҭала сара сҟынтәи гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит алхрақәа рыҟны ижәгаз аиааиреи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵурахьы еиҭа шәалхреи.
Сара агәра згоит Шәара, ихьыҧшым аҧсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара ахыҵхырҭаҟны игылаз, активла зтәыла ахьчара иалахәыз уаҩык иаҳасабала, аринахысгьы шәыжәлари шәҳәынҭқарреи рымаҵ аураҟны ишәылшо зегьы шыҟашәҵо».