Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельски ҭелла аицәажәараҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аҳәынҭқарра Ахада имаҵурахьы иеиҭалхра идиныҳәалеит.
Вадим Красносельски иҳәеит зус иазҟазоу, аҳәынҭқарратә усзуҩы Рауль Ҳаџьымба инапхгарала Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны ихацырку ганрацәалатәи аиҭакрақәа ишрыцҵахо.
Вадим Красносельски иара убас Рауль Ҳаџьымба изеиҕьеишьеит агәабзиара, агәамч, Аҧсны рыжәлар рыхьӡала игәы иҭаку аусқәа зегьы рынагӡара