Ацҳамҭақәа

27.02.2019

Мураҭ Кумпилов Имшира идныҳәалара

Жәабранмза 27 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Ареспублика Адыгеиа Ахада Мураҭ Кумпилов Имшира идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Шәара шәырдыруеит аҭакзыҧхықәу, аҧышәа змоу анапхгаҩы, абаҩхатәра змоу иналукааша уаҩык иаҳасабала. Ареспублика Адыгеиа Ахада имаҵураҟны Шәара хшыҩзышьҭра ду ашәҭоит ауааҧсыра рыҧсҭазаашьа аиҕьтәра азҵаара. Шәтәылаҟны иҟоу актуалра змоу апроблемақәа рдырра иабзоуроуп шәусураҿы ишәымоу аихьӡарақәеи шәыжәлар рыҩныҵҟа ишәымоу ахьӡи аҳаҭыри.

Сара агәра згоит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Адыгеиеи ирыбжьоу аамҭа иҧнашәаз аиашьаратә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы аҿиара шроуазы.

Абри амш аҽны, ҳаҭыр зқәу Мураҭ Каральби-иҧа, ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, аизҳазыҕьара, ақәҿиарақәа». 


Возврат к списку