Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада иажәахәқәа

22.09.2017

«Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аԥышәаратә патологиеи атерапиеи Рыҭҵаарадырратә институт 90 шықәса ахыҵра» захьӡу аҭҵаарадырра-практикатә конференциаҟны Ахада иқәгылара

«Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аԥышәаратә патологиеи атерапиеи Рыҭҵаарадырратә институт 90 шықәса ахыҵра» захьӡу аҭҵаарадырра-практикатә конференциаҟны Ахада иқәгылара

Цәыббрамза 22 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба дықәгылеит «Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аԥышәаратә патологиеи атерапиеи Рыҭҵаарадырратә институт 90 шықәса ахыҵра» иазкыз аҭҵаарадырра-практикатә конференциаҟны.

***

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, ҳҵарауаа, ҳасасцәа!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит иналукааша аҭҵаарадырратә центр – Аҧышәаратә патологиеи атерапиеи Аҟәатәи Аҵарадырра-ҭҵааратә институт ҧшьынҩажәи жәаба шықәса ахыҵра. Ари хҭыс дууп ҳара ҳмилаҭтә аҵарадырреиҧш, адунеижәларбжьаратә маамынҭҵаарҭа зегьы азыҳәангьы. Аибашьра ааха бааҧс шанаҭазгьы, аинститут аколлектив аус шыруц ируеит, аҵарауаа имҩаҧырго алабораториатә ҭҵаарақәа рымҽхак аҽарҭбаауеит. Агәрагара сымоуп, аонкологиатә чымазарақәа рҿагылараҿы аҧышәа ду еидызкылахьоу ари Ацентр аринахысгьы аҳәынҭқарратә цхыраара шаиуа!

Ҳаҭыр зқәу Зураб Иасон-иԥа!

Ҳаҭыр зқәу Аҟәатәи Аԥышәаратә патологиеи атерапиеи рыҭҵаарадырратә институт аусзуҩцәа!

Ҳаҭыр зқәу асасцәа!

Аҟәатәи Аԥышәаратә патологиеи атерапиеи рыҭҵаарадырратә институт знысыз хьӡи-ԥшеи згым амҩа адунеи аҟны иреиҳаӡоу амаамынқәа рыҭҵааратә центрқәа иреиуоуп. Иара ҳтәыла аҭҵаарадырра ашьақәгылареи аинтеллектуалтә лшара аихаҳареи рҭоурых аҟны аҭыԥ ӷәӷәа ааннакылоит.

Ишдыру еиԥш, Асоветтә аамҭазы агәабзиарахьчаразы жәлар ркомиссар Николаи Александр-иԥа Семашко ажәалагала ҟаиҵеит ауаатәыҩса рчымазарақәа рыҭҵаара хықәкыс измоу амаамынқәа рааӡарҭа аҧҵаны аԥышәарақәа рымҩаԥгаразы. Уи апроект анагӡаразы Аҟәа ақалақь зегь реиҳа ианаалоз ҭыԥхеит, избанзар ҳтәыла аҳауатә ҭагылазаашьа амаамынқәа зышьцылахьоу атропикатә ҭагылазаашьақәа ирықәшәон. 1927 шықәсазы иаартыз Аҟәатәи амаамынааӡарҭа ашьаҭала 1958 шықәсазы ишьақәырӷәӷәан анаҩсан адунеитә ҵакы закы зауз амаамынқәа рыҭҵааратә центрны, аонкологиатә чымазарақәа ирҿагыланы ақәԥаразы ҭҵаарадырратә базаны иҟалаз Аԥышәаратә патологиеи атерапиеи рыҭҵаарадырратә институт.

Иарбоу аамҭазы ацентр ицәырнагеит зыҭҵаарақәа жәларбжьаратәи азхаҵара зауз аспециалистцәа дуқәа, аҭҵаарадыррақәа ркандидатцәеи рдокторцәеи, апрофессорцәа, академикцәа.

Аинститут азгәдузар алшоит апрограмма «Бион» ала акосмос ахь ирышьҭуаз амаамынқәа ара иахьазыҟарҵоз. Араҟоуп адунеи аҟны авирусқәа раԥхьаӡатәи рыхкқәа ахьаԥҵаз, антибиотик ҿыцқәеи ахәшәқәеи аԥышәара иахьахыжьыз.

1981 шықәсазы Аԥышәаратә патологиеи атерапиеи рыҭҵаарадырратә институт ашьаҭала аусура иалагеит аԥышәаратә биологиеи амедицинеи ркафедра. Уи аԥшьгаҩцәас иҟан Аԥышәаратә патологиеи атерапиеи рыҭҵаарадырратә институт адиректор Борис Аркади-иԥа Лапини ААУ аректор Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиеи.

Аибашьра Аинститут ааха ӷәӷәа анаҭеит, иахьазы уи аусура ԥымкрада имҩаԥысразы аҳәынҭқарра излалшо ала ацхыраара анаҭоит. Иара Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иузаҟәымҭхо хәҭаны иҟоуп. Ҳдыргәырӷьоит аҵарауаа ҿарацәа иаадырԥшуа аихьӡарақәа, аинститут ашьаҭала аҭҵаарадырратә усурақәа қәҿиарала иахьымҩаԥырго.

Аԥышәаратә патологиеи атерапиеи рыҭҵаарадырратә институт ацхыраара азҭо зегьы иҭабуп идуӡӡаны ҳәа раҳҳәоит, раԥхьаӡа иргыланы иӡбахә ҳәатәуп адунеи аҟны иеицырдыруа аҵарауаҩ Борис Аркади-иԥа Лапин, кыр шықәсала лҵшәа бзиала Аинститут напхгара азызуаз.

Гәык-ԥсык ала Аинститут аусзуҩцәеи, анапхгареи, Аԥсны аҭҵаарадырратә еилазаара зегьи ишәыдысныҳәалоит акрызҵазкуа шәиубилеи! Ҳаҭыр ду зқәу ҳҵарауаа! Ишәзеиӷьасшьоит агәамч, ашықәсынҵыра, шәнапы злаку аҭҵаарадырратә ус аҟны аихьӡара ҿыцқәа!


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org