Ахада иажәахәқәа

Аҧсны Ахада иҟны иҟоу Аҧсны аҳәынҭқарратә бызшәазы  Акомиссиа аилатәараҟны Ахада иқәгылара

Аҧсны Ахада иҟны иҟоу Аҧсны аҳәынҭқарратә бызшәазы Акомиссиа аилатәараҟны Ахада иқәгылара

Ҳаҭыр зқәу ҳҵарауаа, ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳарҵаҩцәа!

Ишыжәдыруа еиҧш, ҳҿаҧхьа иқәгылоу аҳәынҭқарратә приоритеттә ҳасабтәқәа раҧхьа игылоу иреиуоуп аҧсуа бызшәа афункционалтә лшарақәа рырҭбаара. Араҟа аҭакҧхықәра зду зегь раҧхьаӡа иргыланы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа роуп.

Еилкаауп, аҧсуа школи ахәыҷ баҳчақәеи рҭагылазаашьа шьаҭанкыла аиҕьтәра алаҳмыршакәа, ишыуадаҩхо азеиҧш бызшәатә проблема аӡбара. Убри аҟнытә иҳамоу аинтеллектуалтә мчрақәа рыхшыҩ неилаҵаны, даҽазныкгьы иазхәыцроуп амилаҭтә школ аиҭакра, ареформа мҩаҧгашьас иамоу, насгьы уи азы етап-етапла иалыршатәу ашьаҿақәа.

Уажәы ааигәа еиҿкааз Абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә Еилакы акәзар, уи иалшо ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә бызшәазы Азакәан инақәыршәаны, иаҳа ихадароу ҳбызшәа аиқәырхареи, арҿиареи ирызку апроектқәа аус рыдуларазы. Абызшәатә Ееилакы ҿыц аусура иадыҧхьалатәуп ҳинтеллигенциа, иреиҕьу, аҧышәа ду змоу ҳарҵаҩцәа.

Иҵегь ирҕәҕәатәуп Аилак Ҿыци Аҵара аминистрреи, егьырҭ аусбарҭақәеи ганрацәала русеицура. Аминистррақәа, ақалақьқәеи араионқәеи радминистрациақәа рнапхгаҩцәа ирдыруазароуп, хықәкыла рызегь ишыруалҧшьоу ҳҳәынҭқарра иатрибут хадоу – ҳҳәынҭқарратә бызшәа ацклаҧшра, агәцаракра ҷыда . Рымҽхак ырҭбаатәуп аҳәынҭқарратә бызшәа ззымдыруа ачынуаа рзы еиҿкааз акурсқәа. Зхатәы бызшәа хьаас имкыкәа, амаҵура дуқәа ирызхәыцуа ауаа еилыркаарц рыхәҭоуп, уи амҩала перспектива дук шырмоуа. Убарҭқәа реалла инагӡахарц азын, лаҵарамза 2 рзы снапы аҵазҩит адҵа ҷыда, абызшәатә курсқәа рымҽхак арҭбааразын.

Иара убас Абызшәатә ҳәынҭқарратә Еилак ҿыц аус аднаулароуп, азакәан ишаҳәо еиҧш, аусеилыргара ҧсышәала алагаларазы аплан. Иҵегь ирҕәҕәатәуп арзаҳалқәа, аусҧҟақәа, ақәҵарақәа, азакәанҧҵарақәа, ааҧхьарақәа, адипломатиатә лексикон уҳәа реиҭагара, рхархәара аус. Асеиҧш иҟоу аусқәа рҿы аӡәгьы даҳҧырхагам, ҳара ҳхаҭақәа ҳхы ҳаҧырхагамхозар.

Обиективла иаҳҳәозар, абызшәатә ситуациа џьоукы-џьоукы ишырҳәало еиҧш, ахы иоужьны, хылаҧшра амамкәа иҟаӡам. Акырӡа алеишәа ҳарҕәҕәеит лимитла аҳәаанырцәҟа аҵара дуқәа рахь ицо рзы аҳәынҭқарратә бызшәазы аҧышәара аҭира. Аҧсуа бызшәа адырразы аминимум амчхара ҳарҕәҕәеит Аҧсны атәылауаҩра аиураан.

Ишыжәбо еиҧш, аҧсуа бызшәа цәгьамкәа иқәыҩуа иалагеит Гал араион аҿгьы. Ара иаатыз ателехәаҧшраҿгьы ахатә ҭыҧ ааннакылеит аҳәынҭқарратә бызшәа. Аҧсны Жәлар поет Баграт Шьынқәба ииубилеитә мшқәа агәра ҳдыргеит ҳхәыҷқәа, ҳҿар агәыбылра ду шрымоу рхатәы бызшәеи рлитературеи рышҟа. Гал араион аҿы имҩаҧысыз Баграт Шьынқәба изкыз ахәылҧаз аҿы ҧсышәала уи иажәеинраалақәа иахьрыҧхьозгьы иҳанаҳәо маҷым. Иара убас иазгәаҭатәуп, жәлар рпоет ироман “Ацынҵәарах” иалхны Аҧсуа телехәаҧшраҿы иаларҵәахаз апроектгьы абызшәеи аҭоурыхи алитературеи рӡыргараҿы аҵак ду шамоу. Уи аидеиа ҳара гәахәара дула адгылара аҳҭеит.

Шамахамзар, ҳминистрцәа зегьы хатәы бызшәала иқәгылоит телехәаҧшрала, радиола. Иара убасоуп администрациақәа рнапхгаҩцәагьы. Аха ара иазгәаҭатәуп, ҳәынҭқарратә бызшәала аизарақәеи аилацәажәарақәеи рымҩаҧгараҿы макьана акырӡа ахьысҳарақәа шҳамоу. Уигь маҷ-маҷ зырҽеира ҳалшо зҵаароуп. Сгәы иаанагоит, абри аус аҿы иалшо зегьы ҟанаҵароуп иҳәа иара абызшәатә закәан хада здызкылаз Жәлар Реизара-Апарламентгьы. Апарламенти Аиҳабыреи ҳәынҭқарратә бызшәала ианцәажәа, ирацәаҩхоит урҭ ирҿыҧшуагьы.

Макьана ахьысҳарақәа рацәоуп, хатәы бызшәала ареклама аиҿкаараҿы, ақалақьқәеи араионқәеи рҿы икыду аӡыргаратә ҩырақәа рҿы аҳәынҭқарратә бызшәа амҽхак маҷхо иалагеит. Ари, хымҧада, ирҽеитәу зҵаараны анапхгаҩцәа рҿаҧхьа иқәгылоуп. Ииашам ҳәа азысыҧхьаӡоит закәанла ишьақәырҕәҕәоу атопонимика аҽалагалара. Атопонимика – жәлар рҭоурыхтә гәалашәара иахсаалоуп. Уи досу ишааиҭаххо аҧсахра аӡәгьы азин имам!

Аҧсшьаҩцәа, атуристцәа идҳарбаша зегь раҧхьаӡа ҳара ҳмилаҭтә культуреи ҳатрадициеи рсимволқәа роуп. Уи ауп даргьы зызҿлымҳау.

Ачынуаа зегь неилых ҟамҵакәа иргәаласыршәарц сҭахуп: аҳәынҭқарратә бызшәа азҿлымҳара, арҿиара– досу ишиуалу. Ари аамҭалатәи, кониунктуратә знеишьам. Ари – ҳарҭ лассы-лассы ҳаззыхынҳәло стратегиатә зҵаара хадоуп!

Ишәзеиҕьасшьоит ақәҿиара ҿыцқәа шәызегь шәнапы злаку ари аус ду аҿы! 


Возврат к списку