Ахада иажәахәқәа

Ахада Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет 85-шықәсахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатә аҟны иқәгылара

Ҳаҭыр зқәу Алеко Алықьса-иҧа!
Ҳаҭыр зқәу ҳапрофессорцәа, ҳарҵаҩцәа, ҳастудентцәа!
Ҳаҭыр зқәу ҳасасцәа!

Ихьыҧшым Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭоурых аҿы ҩашьара зқәым ахатә ҭыҧ ааннакылоит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет! Ирацәоуп уи аколлектив ирылшахьоу жәлар рынхамҩа аспециалистцәа ҿарацәа рыла реиқәыршәараҿы.
Зегь раҧхьаӡагьы иазгәаҭатәуп гәцаракрала аҿар ҳзызааӡо ҳҵарауаа, ҳпедагогцәа рҧышәа беиа, рдырра, рдунеихәаҧшра. Ҳуниверситет шьақәгылеит иуадаҩыз аамҭазы.

Иналкааны иҳәатәуп, зқьи жәшәи хынҩажәи жәибжь - хынҩажәи жәаатәи ашықәсқәа раан аҧсуа жәлар, ҳмилаҭтә интеллигенциа рықәҧара иарҵысыз ацәқәырҧа ишабзоуроу Москва, усҟантәи аполитикатә напхгара Аҧсны арҿиаразы ирыдыркылаз ақәҵара ҷыда. Уи инақәыршәаны иаартхеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университети Аҧсуа ҳәынҭқарратә телехәаҧшреи.
Ари – ҳажәлар агәыҕра ду рызҭаз, ҧхьаҟатәи рҧеиҧш агәра дзыргаз хҭысхеит. Ҳуниверситет хьыӡла-ҧшала иалҵит зқьи жәшәи ҧшынҩажәи жәба шықәсазы Қарҭтәи анапхгара ҳазҭадыргылаз аконфликттә ҭагылазаашьагьы. Иреиҳаӡоу ҳҵараиурҭа арҵаҩцәеи аҵарауааи рахьтә аӡәырҩы агәымшәара аадырҧшит Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан. Имаҷҩым урҭ рахьтә зыҧсадгьыл наунагӡа зхы ақәызҵаз! Ҳхырхәоит урҭ ргәалашәара аҿаҧхьа!
Иахьа ҳмилаҭтә университет аҿы аҵара рҵоит аҟыбаҩ бзиа змоу аҿар рацәаҩны. Аҵарауаа ирыҵагылеит зыквалификациа ҳараку аҭҵаарадыррақәа ркандидатцәа, рдокторцәа.

Урҭ еиуеиҧшым адунеижәларбжьаратә конференциақәа, асимпозиумқәа ирылахәуп. Акыр шықәса раахыс Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет алахәуп Евразиатәи ауниверситетқәа Рассоциациа.

Иахьатәи аиубилеитә ныҳәамш азгәаҭо, ҳара иаҳуалуп ҳуниверситет шьагәыҭс иамоу Аҟәатәи апедагогикатә институт аӡбахә иналкааны аҳәара. Ари аҵараиурҭа иалгеит иҳаҩсыз ашәышықәсазы Аҧсны аинтеллектуалтә лшарақәа шьҭызхуаз амилаҭтә интеллигенциа, аҵарауаа, арҵаҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа рхаҭарнакцәа шәҩыла, зықьҩыла.Урҭ сталинтә репрессиақәа раамҭа хьанҭа аангьы, аҕьараҳәа иазықәҧон ҳбызшәеи, ҳҭоурыхи, ҳмилаҭтә хаҿреи реиқәырхара.
Аинститут астудентцәеи, арҵаҩцәеи рахьтә имаҷҩым Аҧсны ахьыҧшымразы ақәҧара активла иалахәыз аҵеицәа нагақәа.

Аринахысгьы Аҧсны анапхгара ирылшо зегьы ҟарҵалоит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет амчхара, уи ахьӡ-аҧша рышьҭыхразы!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеитә ныҳәамш! Ишәзеиҕьасшьоит анасыҧ, агәамч ҕәҕәа, ҧхьаҟатәи аихьӡара дуқәа!


Возврат к списку