25.10.2017
Жьҭаарамза 25 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ажәахә ҟаиҵеит «Пицунда» акурорт 50 шықәса ахыҵра иазкыз агәырӷьаратә еилатәараҟны.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ҳаҭыр зқәу Пицунда ауааҧсыра!
Иахьа иазгәаҳҭо аныҳәамш - аҭоурых ду змоу хҭысуп! Пицунда, аиашазы, ҳаҧсадгьыл иабырлашуп. Уи иазышәаҳәахьеит иреиҕьу ҳпоетцәа, ҳкомпозиторцәа, ҳашәаҳәаҩцәа. Аха Пицунда аҧшӡара иҵегь адунеи иахыҵәо иалагеит, араҟа еицырдыруа акурорт ду андыргыла инаркны. “Пицунда-ргылара” еиднакылеит зықьҩыла аҧсуаа. 60-тәи ашықәсқәа раан арахь иааз жәпаҩык ара инхеит, инҵит, иҕьацеит, аҭаацәарақәа аҧырҵеит, Пицунда асоциал-економикатә инфраструктураҿгьы акрызҵазкуа аҭыҧқәа ааныркылеит. Аҭагылазаашьа ас ианыҟала, зегьы хылаҧшра ҷыда рызҭоз Қарҭаагьы, ари арегион аҿы рымч, рхыҧша иаҳа имаҷхеит.
Пицунда усҟантәи аамҭазы адац-ҧашәқәа арҕәҕәоит амилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара.
Ари акурорттә қалақь ахьӡ-аҧша адунеи зегьы аҿы еицырдыруан асовет аамҭазын. Араҟа иҟан Аҳәынҭқарра Ду аполитикатә напхгара рыҧсшьарҭақәа. Имҩаҧысуан аиҧылара дуқәа. Усҟан акурорт шәҭыкакаҷуан, избанзар атуристтә индустриа еилашуан, уи иамаз ацентртә хылаҧшра ду иабзоураны.
Иахьа Пицунда маҷ-маҷ аизҳара амҩа иануп. Анкьеиҧш Пицунда гәхьааганы арахь иаауа рхыҧхьаӡара иазҳауеит. Апроблемақәа маҷымкәа ишыҟоугьы, акурорт иаҳа-иаҳа ахаҿра арҿыцуеит. Аус злоу – еиқәҳархароуп ҳкультура, ҳаҧсуара, ҳатрадициа, избанзар иаҳҭаауа асасцәа, лабҿаба ирбо аҧсабара аасҭагьы, зҿлымҳара зырҭо ҳара ҳхымҩаҧгашьа, ҳасасдкылара роуп.
Аҧсадгьыл ашәарҭа ианҭагылаз Ҳџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раангьы Пицундаа рырхәҭақәа иаадырҧшыз афырхаҵара хьтәы нбанла ҳҭоурых иануп. Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ахаангьы хашҭра рықәым!
Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит акурорт Пицунда аиубилеи! Аизҳареи, ахирреи амазааит ииашаҵәҟьаны аџьанаҭҭыҧ ҳәа ззырҳәо ари адгьыл блахкыга!