Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада иажәахәқәа

05.10.2022

Аслан Бжьаниа арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа – Арҵаҩы имш рыдиныҳәалеит

Акыр иаԥсоу арҵаҩцәа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – Арҵаҩы имш!

Ари аныҳәа ҷыдала аԥхарра аҵоуп. Дыҟамзар ҟалап раԥхьатәи зырҵаҩы дызгәаламшәо, анаҩс, дасу иԥсҭазаара ашьақәгылараҿы зышьҭамҭа нзыжьыз, анырра бзиа азҭаз.
Арҵаҩы изанааҭ – баша занааҭӡам. Ари миссиоуп, апрофессионализм ду еиԥш, иреиӷьу аҟазшьатә ҷыдарақәа зҭаху.

Ахә ашьара уадаҩуп шәара есҽнытәи шәааԥсара. Шәара еиҵашәааӡо ҳҿар ирышәҭо адыррақәа рыдагьы, урҭ рхаҭара ашьақәгылара, рдунеихәаԥшра аҳәаақәҵара шәацхраауеит.
Акыр иаԥсоу арҵаҩцәа, иахьатәи шәымшныҳәа аҽны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәар ҳҭахуп шәџьабаазы, шәҵаҩцәа реихьӡарақәа рзы.

Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, шәнапы злаку азанааҭ аҟны аихьӡара ҿыцқәа.

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org