17.08.2015
Абри азы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Ахада Рауль Ҳаџьымба
Аҧсуа жәлари ачерқьес жәлари реимадара арҕәҕәараҟны илшамҭақәа рзы аҭоурыхҭҵааҩы, ауаажәларратә усзуҩы Руслан Идрис-иҧа Гвашев ианашьоуп «Ахьӡ-аҧша” Аорден III аҩаӡара.
" Р. И. Гвашев «Ахьӡ-аҧша” Аорден III аҩаӡара ианашьаразы"
Аусҧҟа
Аҧсуа жәлари ачерқьес жәлари реимадара арҕәҕәараҟны илшамҭақәа рзы аҭоурыхҭҵааҩы, ауаажәларратә усзуҩы Руслан Идрис-иҧа Гвашев ианашьазааит «Ахьӡ-аҧша” Аорден III аҩаӡара
АХАДА
Р. ҲАЏЬЫМБА
Аҟәа ақ,
2015 ш. нанҳәмза 17,
№ 215