Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Иусҧҟақәеи идҵақәеи

25.01.2022

Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра коронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчаразы ауснагӡатәқәа ирызку Адҵа


                                  Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра коронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчаразы ауснагӡатәқәа рзы

                                                                                                        Адҵа

«Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра коронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчаразы 2022 шықәса ажьырныҳәамза 24 аҟнытә Акоординациатә штаб азыӡба шьаҭас иҟаҵаны:

1. Иаанкылазааит ачаратә, агәырӷьаратә, аныҳәатә, аԥсхәратә, аустә, арлахҿыхратә, даҽа массатә усмҩаԥгатәқәак иарку аҭыԥқәа рыҟны рымҩаԥгара.

2. Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара ишьақәнарӷәӷәаз аҳәынҭқарратә санитартә-гигиенатә нормақәеи аԥҟарақәеи инарықәыршәаны имҩаԥыслааит акультура аусҳәарҭақәеи (акультура аханқәа, атеатрқәа, ацәыргақәҵатә залқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа) аспорт аобиектқәеи (аспорттә, атренажиортәи афитнес-залқәеи, егьырҭ аспорт аобиектқәеи) русура.

3. Ишьақәыргылазааит абарҭ изеиԥшхымԥадатәиу аҭахрақәа:

1) ауаажәларратә транспорти атаксии рпассаџьырцәа рымҩангаразы амаҵзурақәа рынагӡара аусхк аҟны:
а) иаанкылазааит хаҭалатәи ахыхьчагатә хархәагақәа (амедицинатә сабрадақәа) зхы иазмырхәо апассаџьырцәа рымҩангара;
б) Иаанкылазааит хаҭалатәи ахыхьчагатә хархәагақәа (амедицинатә сабрадақәа) зхы иазмырхәо амашьынаныҟәцаҩцәа апассаџьырцәа рымҩангаразы амаҵзура анагӡарахь рынашьҭра;

в) атранспорттә наплакқәа рнапхгаҩцәа иалдыршааит ауаажәларратә транспорт асалонқәа рыҩныҵҟа есҽны изныкымкәа ачымазара гәҽанҵаратә дезинфекциа амҩаԥгара.
2) ахәаахәҭратә усура аусхк аҟны:
а) Аҟәа ақалақьи Аԥсны араионқәеи рыҟны афатәтә, ақыҭанхамҩатә, ашәҵатәтәы џьармыкьақәа радминистрациақәа ахәаахәҭратә обиектқәеи урҭ ирыҵанакуа адгьылҵакырақәеи рыҟны есҽны ачымазара гәҽанҵаратә дезинфекциа мҩаԥыргалааит;

б) ишьақәыргылазааит ахәаахәҭҩцәа (аусуҩцәа) рыҩныҵҟа хымԥада ахыхьчагатә хархәагақәа (амедицинатә сабрадақәа, анапҭарԥақәа) рхархәара.

3) ауааԥсыра рзы амаҵзурақәа рымҩаԥгара аусхк аҟны:

а) еиҭамҵуа ахәаахәҭратә обиектқәа, абылтәыҭаҭәарҭатә станциақәа, ааглыхратәи ауаажәларратәи хыбрақәа зтәу есымчыбжьа (мчыбжьык ахьтә знык еиҵамкәа) урҭ рыҩныҵҟеи ирыҵаркуа адгьылҵакырақәеи рыҟны ачымазара гәҽанҵаратә дезинфекциа мҩаԥыргалааит;
б) аусурахь инашьҭымзааит ахыхьчагатә хархәагақәа (амедицинатә сабрадақәа) зхы иазмырхәо амаҵзура аусхк аусзуҩцәа.

4. Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистр:

1) 2022 шықәса жәабранмза 01 аҟынӡа иазирхиааит иагьышьақәирӷәӷәааит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхра амҩаԥгаразы аҳәынҭқарратә санитартә-гигиенатә нормақәеи аԥҟарақәеи;
2) ауааԥсыра адырра рыҭара иацҵахааит коронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчаразы агәҽанҵаратә уснагӡатәқәа инарымаданы;
3) Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаареи есҽны короновирустә ҿкы COVID-19 аҟнытә алаҵа алаҵара алҵшәақәа рзы адырра рыҭалазааит;
4) азинмчызмоу аҳәынҭқарратә напхгарҭақәа русбарҭақәа алархәны аҵараиуратә еиҿкаарақәа, ауаажәларратә крыфарҭақәа рнаплакқәа (робиектқәа), егьырҭ даҽа санитартә-хылаԥшратә обиектқәак русура амониторинг азуразы иааиԥмырҟьаӡакәа еизаку аконтрольтә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥгазааит Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны ауааԥсыра коронавирустә ҿкы COVID-19 рылаҵәара аԥырҟәҟәаара иазкны ишьақәырӷәӷәоу асанитартә–епидемиологиатә нормақәеи аԥҟарақәеи рықәныҟәара агәаҭара хықәкыс иаҭаны.

5. Ирабжьгазааит:
1) атәылауаа хаҭалатәи ахыхьчагақәа (амедицинатә сабрадақәа) ныҟәыргалаааит ауаажәларратә ҭыҧқәа рҿы, ауаа рацәа ахьеизо аҭыҧқәа рахь иахьынӡауала имнеиааит;
2) аҳәынҭқарратә напхгарҭақәа ихадоуи аҭыҧантәии русбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи аиҿкаарақәеи рнапхгаҩцәа, икоммерциатәуи икоммерциатәыми аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа 60ш. ирҭысхьоу аусзуцәа рхы иақәиҭыртәааит акороновирусттә ҿкычымазара аҟынтә авакцина ҟазымҵаз, иара убас зцәа зтәым аҳәса рџьатә маҵзурақәа ҟынтә рхы иақәиҭтәызааит (русура ҧырхага амоуа), руалафахәы еиқәырханы.
6. Аҭакҧхықәра рыдзааит:

-аҭыҧантәи администрациақәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра  Аҳәынҭқарратә санитартә-епидемиологиатә маҵзура рылархәны – абриАдҵа апунктқәа 1-3 рынагӡаразы;
- Аҧсны Акультура аминистрра Аҧсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра Аҳәынҭқарратә санитартә-епидемиологиатә маҵзура алархәны Аҧсны Акультура аминистрра иаҵанакуа аиҿкаарақәа рганахьала абри Адҵа апункт 2 анагӡаразы;

– Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистррра: – абри Адҵа апункт 4 анагӡаразы. по реализации пункта 4 настоящего Распоряжения.

7. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иара иаҵанакуа азҵаарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны абри Адҵа апункт 7 аҟны иарбоу аҭакзыԥхықәу аусбарҭақәа абри Адҵала ишьақәыргылоу аҭахрақәа рынагӡара иацхрааит.

8. Амч ацәыӡит ҳәа иԥхьаӡазааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада «Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра коронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчаразы ауснагӡатәқәа ирызку» 2021 шықәса нанҳәамза 13 аҟнытә Идҵа № 279-рп.

9. Абри Адҵа амч аиуеит ианаҵаҩха арыцхә инаркны.

       АХАДА                                                                                   А. БЖЬАНИА


Аҟәа ақ.

2022 шықәса ажьырныҳәамза 25
№ 08-рп
--

 

 




Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org