Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Иусҧҟақәеи идҵақәеи

12.01.2021

Аҧсны Аҳәынҭқарра ауааҧсыра коронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку ауснагӡатәқәа рзы Адҵа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ауааҧсыра коронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку ауснагӡатәқәа рзы

Адҵа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ауааҧсыра коронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку Акоординациатә штаб 2021 шықәса ажьырныҳәамза 11 аҟнытә азыӡба шьаҭас иҟаҵаны:
Иаанкылазааит Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны 2021 шықәса жәабранмза 10-нӡа:
1) ашколнӡатәии азеиԥшҵараиуратәи еиҿкаарақәа русура аиҿкаара-зинтә формас, хатәтәра формас ирымазаалак;
2) ауаажәларратә чарҭа обиектқәа русура (аресторанқәа, акаҳуажәырҭақәа, абарқәа, егьырҭ ауаажәларратә чарҭа обиектқәа), афатә знагаразы амаҵзура аламҵакәа;
3) ачаратә, аныҳәатә, егьырҭ амассатә усмҩаԥгатәқәа аныҳәатә залқәеи егьырҭ ауаажәларратә чарҭа обиектқәеи рыҟны;
4) аспорттә, аустә, арлахҿыхратә, аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иарку аҭыԥқәа рыҟны;
5) акультуратә усҳәарҭақәа (атеатрқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа, акультуратә центрқәа, акультура ҩнқәа, аконцерттәи ацәыргақәҵатә залқәеи) русура;
6) афитнес-центрқәа, атренажиортә залқәа, аӡсаратә ӡҭачқәа, СПА-салонқәа, асаунақәа русура;
7) аҵараиуратә кружаокқәа, акәашаратә, аҽазыҟаҵаратә, аспорттә залқәа (асекциақәа) русура;
8) ахәыҷтәы хәмарратә центрқәа, акомпиутертә залқәа, абоулингқәа, егьырҭ арлахҿыхратәи аԥсшьарҭатәи ҭыԥқәа русура.
2. Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны иҟоу ахаҿқәа хаҭалатәи рхыхьчагатә хархәагақәа (амедицинатә сабрадақәа) рхархәара алыршазааит ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рыҟны, ауаажәларратә транспорт, атаксиқәа рыҟны;
3. Ирабжьгазааит: 1) атәылауаа аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа раан акульттә обиектқәа рҭааразы аҽынкылара;
2) иԥкызааит алахьеиқәратә усмҩаԥгатәқәа, аԥсхәрақәа рыҟны инеиуа ауаа рхыԥхьаӡара;
3) икоммерциатәуи икоммерциатәыми аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа 2020 шықәса жәабранмза 10 рҟынӡа 60 шықәса иреиҳаны изхыҵуа аусуҩцәеи ашколнӡатәи ақәра змоу ахәыҷқәа (1-4 аклассқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа алаҵаны) измоу аусуҩцәеи рџьатә (рмаҵуратә) напынҵақәа рынагӡараҟнытә рхы иақәиҭыртәааит аусура ҧырхага амҭакәа, руалафахәы еиқәырханы, иара убас ишьақәыргылазааит аиҿкаарақәа рыҟны аҭыԥантәи актқәаны хымԥада аусуҩцәеи аҭааҩцәеи амедицинатә сабрадақәеи анапҭарԥақәеи рныҟәгара иазку ахыхьчагатә хархәагақәа рныҟәгара.
4. Еиҿкаазааит Аҟәа ақалақьи Аҧсны Аҳәынҭқарра араионқәеи рыҟны афатәаалыҵтәи ақыҭанхамҩатәи џьармыкьақәа русура администрациақәа рхадацәа асанитартә-епидемиологиатә маҵзурақәа ирықәшаҳаҭны ишьақәдыргыло аграфики аҧҟарақәеи инарықәыршәаны, аҭиҩцәа (аусуҩцәа) хымԥада хаҭалатәи ахыхьчагатә маҭәахәқәа (амедицинатә сабрадақәеи анапҭарԥақәеи) рныҟәгара ацҵаны.
Аҟәа ақалақьи Аҧсны Аҳәынҭқарра араионқәеи рхадацәа есҽны имҩаԥыргалааит аобиектқәеи урҭ ирыԥну аҭыԥқәеи рыҟны рырзҩыдатәра иазку аусмҩаԥгатәқәа.
5. Аҭыԥантәи администрациақәа: 1) иалдыршааит ауаажәларратә транспорт асалонқәа есҽнытәи апрофилактикатә зҩыдатәра;
2) ишьақәыргылазааит ауаажәларратә транспорт аныҟәцаҩцәа рзы хымԥада хаҭалатәи ахыхьчагатә маҭәахәқәа (амедицинатә сабрадақәеи анапҭарԥақәеи) рныҟәгара;
3) иақәиҭымзааит ауаажәларратә транспорт ала ахыхьчагатә маҭәахәқәа (амедицинатә сабрадақәеи анапҭарԥақәеи) ныҟәзымго рымҩангара.
6. Аҳәынҭқарратә напхгараҭаразы ихадоуи аҭыҧантәии аусбарҭақәа, егьырҭ аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи, ареспубликатәи амуниципалтәи еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа:
1) 60 шықәса иреиҳаны изхыҵуа аусуҩцәеи ашколнӡатәи ақәра иаҵанакуа ахәыҷқәа (1-4 аклассқәа рҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа алаҵаны) змоу аусуҩцәеи рџьатә (рмаҵуратә) напынҵақәа рынагӡараҟнытә рхы иақәиҭыртәааит (аусура ҧырхага амҭакәа);
2) руалафахәы еиқәырхазааит , ауааҧсыра коронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчаразы ишьақәыргылоу ауснагӡатәқәа инарымаданы зџьатә хыдҵақәа рынагӡара аамҭала иаанкылоу; .
3) ишьақәыргылазааит хымԥада аусуҩцәеи аҭааҩцәеи амедицинатә сабрадақәеи анапҭарԥақәеи рныҟәгара иазку ахыхьчагатә хархәагақәа рныҟәгаразы аҭаххара.
7. Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра ауааԥсыра адырра рынаҭалааит аимҳәа чымазареи авирустә ҿкы чымазарақәеи рзы агәҽанҵаратә уснагӡатәқәа ртәы.

Аҭакҧхықәра зду усбарҭаны ишьақәыргылазааит:

8. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра аҭыԥантәи администрациақәеи Аҧсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра асанитартә-епидимиологиатә маҵзуреи русеицурала – абри Адҵа апункт 1 аиҵа пункт 1 анагӡаразы;
- Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрра аҭыԥантәи администрациақәеи Аҧсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра асанитартә-епидимиологиатә маҵзуреи русеицурала – абри Адҵа апункт 1 аиҵа пункт 5 анагӡаразы;
- аҭыԥантәи администрациақәеи Аҧсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра асанитартә-епидимиологиатә маҵзуреи русеицурала – абри Адҵа апункт 1 аиҵапунктқәа 2, 3, 4, 6, 7, 8, апункт 1 апункт 2 рынагӡаразы;
- аҭыԥантәи администрациақәа – абри Адҵа апунктқәа 4-5 рынагӡаразы;
- Аҳәынҭқарратә напхгараҭаразы ихадоуи аҭыҧантәии аусбарҭақәа, егьырҭ аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи, ареспубликатәи амуниципалтәи еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа - абри Адҵа апункт 6 анагӡаразы;

9. Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаҵанакуа азҵаарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны абри Адҵа апункт 8 аҟны иарбоу аҭакзыԥхықәу аусбарҭақәа ирыцхрааит абри Адҵа ишьақәнаргыло аҭахрақәа рынагӡараҟны;
10. Амч ацәыӡит ҳәа иҧхьаӡазааит 2020 шықәса абҵарамза 24 аҟн., № 449-рп «Аҧсны Аҳәынҭқарра ауааҧсыра коронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчара иазку ауснагӡатәқәа рзы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Идҵа.
11. Абри Адҵа амч аиуеит ианаҵаҩха арыцхә инаркны.



АХАДА А. БЖЬАНИА


Аҟәа ақ.
2021 шықәса ажьырныҳәамза 12 № 04-рп

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org