Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Гамсаниа Р.А. "Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз амедицинатә усзуҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы.
Аусҧҟа атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Агәабзиарахьчара асистемаҿы акыр шықәсеи ламысцқьалеи иусуразы "Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз амедицинатә усзуҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵазааит Гамсаниа Роланд Алеқсеи-иҧа, Аҧсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистрра Атранспорттә усбарҭеи, аргылареи аиқәыршәареи реиҳабы».