Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Иусҧҟақәеи идҵақәеи

18.04.2019

Иаҧҵоуп Валериан Кобахиа диижьҭеи 90 шықәса аҵра иазку аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа реиҿкааразы Аҳәынҭқарратә комиссиа

Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Идҵала иаҧҵоуп иналукааша апартиатә, аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аҧснытәи Апартиа Аобком актәи амаӡаныҟәгаҩ, Аҧснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ахантәаҩы, СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутат Валериан Кобахиа диижьҭеи 90 шықәса аҵра иазку аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа реиҿкааразы Аҳәынҭқарратә комиссиа .

Акомиссиа аилазаара иалоуп:

 Бганба В.Р. -Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр - Акомиссиа ахантәаҩы;

Аршба Д. Џь.- Аҧсны Аҳәынҭқарра  Аҧыза-министракт актәи ихаҭыҧуаҩ- Акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ;

Арсалиа Е.А - Аҧсны Аҳәынҭқарра  акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр;

Гәарамиа А.А. - Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор;

Занҭариа В. К. - Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ;

Кобахьиа А.А - ауаажәларратә усзуҩ;

Ладариа Р.М. - Гәдоуҭа араион администрациа ахада;

Лашәриа М. Т.- Аҧсны Жәлар рпоет;

Сангәлиа М. П.- Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ;

Ҳаразиа А. Р.- Аҟәа ақалақь администрациа ахада;

Цыгәба В.М. - ауаажәларратә усзуҩ;

Шамба Л. Н. - Аҧсны Аҳәынҭқарра акоммунисттә партиа ахантәаҩы.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org