Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Иусбарҭа аилазаашьа

Аусмҩаҧгарҭа

Ҧалаванӡиаҧҳа Инга Владимир-иҧҳа

Диит ажьырныҳәа 19, 1968 ш. Аҟәа ақ. Аҧснытәи АССР.

1985 ш. Е. далгеит Ешба ихьӡ зху аҟәатәи абжьаратәи ашкол № 20.

1990 ш. далгеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет «аурыс бызшәеи алитературеи арҵаҩы» азанааҭ.

1990 ш. инаркны 1992 шш.-нӡа – аурыс бызшәеи алитературеи арҵаҩыс аус луеит ЗКВ аих./мҩа. ашкол-интернат № 2

1992ш. хәажәкыра инаркны ҧхынгәынӡа Атәанчаратә фонд аҟны 1 акатегориа змоу аспециалистс аус луеит.

1993ш. хәажәкыра инаркны жьҭааранӡа – Москва ақ. Аладатәи аокруг абжь. школ №779 аҟны аурыс бызшәеи алитературеи арҵаҩыс аус луеит.

1994 жьҭаара инаркны ҧхынҷкәынынӡа Аҧсны Ареспублика Иреиҳаӡоу Асовет аҳасабеилыргаҩы-кассирс аус луеит.

1995 шықәса инаркны иахьанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аусмҩаҧгарҭа аиҳабыс дыҟоуп.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org