Ахада Иусбарҭа аилазаашьа

Акадрқәа рыҟәша

Акадрқәа рыҟәша аиҳабы

Киутҧҳа Лиана Акаки-иҧҳа

Диит ажьырныҳәа 4, 1959ш. Аҧснытәи АССР Аҟәа ақ.

1977-1983шш.- далгеит Москватәи аҳәынҭқарратә аҭоурыхтә-архивтә институт аҭоурыхҭҵааҩ- архивҭҵааҩ азанааҭ ала.

1978-1980шш.- Аҧснытәи АССР Архивтә Усбарҭаҟны архивариус дыҟоуп.

1980-1982шш.- Қырҭтәылатәи АП Аҧснытәи аобком апартиатә архив архивариус дыҟоуп.

1982-1985шш.- Аҟәатәи акомҿар ақалақьтә комитет аҟны акомҿар еидкыла зхы иақәиҭу маӡаныҟәгаҩыс дыҟоуп.

1985-1988 шш.- Тәҟарчалтәи ақалақьтә совет акадрқәа рыҟәша инспекторс дыҟоуп.

1989-1920 шш.- Аҟәатәи ақалақьтә совет Анагӡком амобилизациатә цхыраагӡазы аҭакзыҧхықәуны дыҟоуп.

1991-1992шш. - Аҟәатәи ақалақьтә совет аиҿкааратә ҟәша аинструкторс дыҟоуп.

1994-2005шш. - Аҟәа ақ. Аусбарҭа административтә комиссиа аҭакзыҧхықәуамаӡаныҟәгаҩыс дыҟоуп.

2005 ш. инаркны 2014 шш. - Аҧсны Аҳәынҭқрра Ахада Иусбарҭа акадрқәа рҭаҩреи ррезерви рыҟәша аиҳабыс дыҟоуп. 

2014 ш. абҵара мза инаркны Аҧсны Аҳәынҭқрра Ахада Иусбарҭа акадрқәа рыҟәша аиҳабыс дыҟоуп.  


Возврат к списку